Рауль Ҳаџьымба Апрокурор хада икандидатура Апарламент иадигалеит

© Foto / пресс-служба генеральной прокуратуры РААдгәыр Агрба
Адгәыр Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апрокурор хада имаҵура иаҭареи иамхреи мҩаԥысуеит Апарламент аӡбарала, атәыла ахада иҟаиҵаз адгалара ашьҭахь.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар реизарахь инаишьҭит Аԥсны Апрокурор хадас иҟаларазы Адгәыр Агрба икандидатура. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

"Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 76, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Апрокуратуразы" ахәҭаҷ 12 инарықәыршәаны Жәлар Реизарахь ахәаԥшразы инасышьҭуеит Агрба Адгәыр Нугзар-иԥа Прокурор хадас иҟаларазы икандидатура", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Зураб Ачба имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәын ԥхынҷкәын 2 рзы.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз.

Иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадахьы днаган ишьаргәацәқәа рыҩбагьы ахәра рацәа змаз Русҭам Шамба, 1977 шықәсазы ииз, аҩбатәи ахәышәтәырҭахь днаган Шамиль Аҩӡба, 1997 шықәсазы ииз. Урҭ рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылам.

Алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Иҳаҩсыз ҭагалан злаҳхамышҭуа: еиҳа иалаҳкааз ахҭысқәа

Доминика Ақырҭааԥҳа усҟан лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы. Ԥхынҷкәын 3 рзы лыхдыррахь дымхынҳәӡакәа лыԥсҭазаара далҵит.

Абри ашьҭахь, ԥхынҷкәын 2 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы еизеит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа. Дара дҵаны иқәдыргылеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихы дақәиҭтәызарц.

Гарри Аршба имаҵура данамих ашьҭахь, ахада Апарламент ахь ажәадгала ҟаиҵеит Апрокурор хада Зураб Ачба имаҵура дамхызарц.

Изаамҭанытәим аилатәараҿы адепутатцәа рхы иақәиҭыртәит Апрокурор хада Зураб Ачбеи ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиеи.

Адгәыр Агрба диит ажьырныҳәа 15, 1981 шықәса рзы. 2005 шықәса рзы ААУ, аҭоурых-зиндырратә факультет далгеит. 2002 шықәса раахыс азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы аус иуеит. Ԥхынҷкәын 8, 2015 шықәса раахыс иара арратә прокурорс дыҟоуп.

Апрокурор хада имаҵура даханаргылар, ма дамнахыр алшоит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахада иҟаиҵо ажәалагала инақәыршәаны.

Уи акандидатура иахәҭоу абжьқәа рхыԥхьаӡара имоур, ахада аусурамшқәа 30 рыҩнуҵҟа даҽа кандидатурак рыдигалароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0