Абиуџьет аусзуҩцәа ркатегориақәак руалафахәы аицԥаразоужьра аҿҳәара иацҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАбиуџьет аусзуҩцәа ркатегориақәак руалафахәы аицԥаразоужьра аҿҳәара иацҵоуп
Абиуџьет аусзуҩцәа ркатегориақәак руалафахәы аицԥаразоужьра аҿҳәара иацҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵзура русхк аҿы аус зуа руалафахәы аицԥаразоужьразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра напаҵаҩын 2015 шықәса рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik, Бадри Есиава. Ԥхынҷкәын 10 рзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәшаҳаҭхеит агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵзура русхк аҿы аус зуа руалафахәы аицԥаразоужьразы аиқәшаҳаҭра ариашарақәа ралагалара.

"Аԥхьанатә аиқәшаҳаҭра аҿҳәара 2020 шықәсанӡа инахазарц, аха аганқәа рыҩбагь русеицура ашьҭахь иазыӡбан 2022 шықәсанӡа аҿҳәара инахарц", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Адокумент алшара ҟанаҵоит аԥснытәии урыстәылатәии аганқәа досу рбиуџьетқәа 2020-2022 шықәсқәа рзы ашәарацҵа азыԥхьагәарҭарц.

Агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵзура русхк аҿы аус зуа руалафахәы аицԥаразоужьразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра напаҵаҩын 2015 шықәса рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0