Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы амч ахамырхәара азҵаара алацәажәара еиҭах мап ацәкуп

© AFP 2023 / FABRICE COFFRINIЖеневатәи аиҿцәажәарақәа рҿы амч ахамырхәара азҵаара алацәажәара еиҭах мап ацәкуп
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы амч ахамырхәара азҵаара алацәажәара еиҭах мап ацәкуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа иалахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡбеи Артур Гагәылиеи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа ииубилеитәу, 50-тәи рраунд Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа алархәны, ЕАР, ЕААшәХ, ЕА реицхантәаҩрала имҩаԥысит ԥхынҷкәын 11 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Ҭемыр Надараиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Надараиа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рзы: иҟанаҵ иҟоуп аҭынчрагьы

Аицхантәаҩцәа агәҭынчымра рызцәырнагеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәааҟны аҭыԥ змоу аибарххарақәеи амшхәаԥштә азҵаарақәа жәпакы рганахьала аганқәа рпозициақәа реизааигәахара алмыршареи. Изаамҭанытәиу араунд асессиа аартуа, дара алахәылацәа зегь рахь ааԥхьара ҟарҵеит иҟоу апроблемақәа рыӡбразы аконструктивтә знеишьа аадырԥшырц.

Убри аан аицхантәаҩцәа рықәгыларақәа раан азааҭгылара азыруит Аԥсны, Гал араион аҿы аҭагылазаашьа шҭынчу, аҭышәынтәалара шамоу. Уи адагьы иазгәаҭан Гал араион ауааԥсыра адокументқәа роура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы рыӡбраҿы апозитивтә динамика аҭыԥ шамоу.

Аԥсуа ган аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит амшхәаԥштә азҵаарақәа зегьы рганахьала ишазыхиоу аусура амҩаԥгара. Убри аан иҟанаҵеит иара агәанала урҭ рыӡбаразы хра змоу ҳәа иԥхьаӡоу ажәадгалақәа.

"Агуманитартә зҵаарақәа рыӡбара иазырхоу аԥсуа ган ажәадгалақәа Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа рганахьала иахәҭаз азхьаԥшра рмоуит, акыршықәса раахысгьы иӡбамкәа иҟоуп", - ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Урыстәылатәи аделегациа акәзар, инаҵшьны иазгәанаҭеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура ацҵара аҵакы аманы ишашьо.

Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рделегациақәа ажәалагала ҟарҵеит амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы адокумент аус аицадулареи аицеиқәшаҳаҭреи хықәкы хаданы иԥхьаӡахарц.

Абри ахырхарҭала аусура аанкылоуп Қырҭтәылеи ЕААи рхаҭарнакцәа идеструктиву рпозициа иахырҟьаны. Дара абри адокумент иарбанызаалак аспектқәа рылацәажәара мап ацәыркуеит.

Убри аан Қарҭ Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәааҿы, Цнелис ақыҭаҿ аполициатә блокпост дыргылеит. Цхинвал апост ықәгатәуп ҳәа шырҳәогьы, ақырҭуа ган ара рыҟазаара иацрымҵозар, иагдырхом.

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа азыԥхьагәаҭоуп 2020 шықәса хәажәкыра 31 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0