Адгәыр Агрба Аԥсны Апрокурор хадас иҟалара иадгылеит Апарламент адепутатцәа

© SputnikАдгәыр Агрба
Адгәыр Агрба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизарахь ԥхынҷкәын 5 рзы инаишьҭит Аԥсны Апрокурор хадас иҟаларазы Адгәыр Агрба икандидатура.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа маӡатәи абжьыҭирала Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизарахь Аԥсны Апрокурор хадас иҟаларазы ԥхынҷкәын 5 рзы инаишьҭыз Адгәыр Агрба икандидатура адгылара арҭеит ԥхынҷкәын 12 рзы имҩаԥысуаз аилатәараҟны ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳаит Sputnik акорреспондент.

Агрба икандидатура адгылара арҭеит 25-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит - 6-ҩык.

Абри аҭыԥ аҿы Адгәыр Агрба диԥсахит Зураб Ачба.  Зураб Ачба имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәын ԥхынҷкәын 2 рзы.

Аԥсны Апрокурор хада Зураб Ачба имаҵура дамхуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апрокурор хада Зураб Ачба имаҵура дамхуп

Ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы еизеит 300-ҩык инарзынаԥшуа абҵара 22 рзы иршьыз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи, атәыла ауааԥсыра. Еизаз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иамхра дҵас иҟарҵеит. Абри ашьҭахь дара Апарламент ахыбрахь инеит.

Иҟаз аҭагылазаашьа инадҳәаланы Гарри Аршба имаҵура дамхын. Иара убас рмаҵурақәа ирымырхит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов, Апрокурор хада Зураб Ачба, уи ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа.

Ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵан Раули Смыр.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр раԥхьатәи анапынҵақәа ҟаиҵеи>> 

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар реизарахь ԥхынҷкәын 5 рзы инаишьҭит Аԥсны Апрокурор хадас иҟаларазы Адгәыр Агрба икандидатура.

Аҟәа аԥшаҳәаҿы ахысразы гәҩарас ирымоу иԥшаара рылаҳәоуп - Sputnik Аҧсны
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ахысразы гәҩарас ирымоу иԥшаара рылаҳәоуп

Адгәыр Агрба диит ажьырныҳәа 15, 1981 шықәса рзы. 2005 шықәса рзы ААУ, аҭоурых-зиндырратә факультет далгеит. 2002 шықәса раахыс азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы аус иуеит. Ԥхынҷкәын 8, 2015 шықәса раахыс иара арратә прокурорс дыҟоуп.

2014 шықәса раахыс Адгәыр Агырба аԥшьбатәи кандидатуп  прокурор хадас иҟазааразы.

Апрокурор хада имаҵура даханаргылар, ма дамнахыр алшоит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахада иҟаиҵо ажәалагала инақәыршәаны.

Уи акандидатура иахәҭоу абжьқәа рхыԥхьаӡара имоур, ахада аусурамшқәа 30 рыҩнуҵҟа даҽа кандидатурак рыдигалароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0