Асҭамыр Логәуа апарламенттә еилакы анапхгаҩыс дҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАсҭамыр Логәуа апарламенттә еилакы анапхгаҩыс дҟарҵеит
Асҭамыр Логәуа апарламенттә еилакы анапхгаҩыс дҟарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аӡынтәи асессиа изаамҭанытәиу аилатәара аадыртит аԥшьаша, ԥхынҷкәын 12 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутат Асҭамыр Логәуа Жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи еимадарақәеи ҳџьынџьуаа рнырреи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩыс дҟалоит.

Логәуа икандидатура ықәыргыло, адепутат Левон Галустиан иазгәеиҭеит иара абри аусхк аҟны апрофессионалтә дырра ҳаракқәа шимоу.

"Иазгәасҭар сҭахуп Аԥсны аҩызцәеи адгылаҩцәеи еиҳа-еиҳа рҽышдырҭбаауа. Асҭамыр Логәуа жәларбжьаратәи аиҿкаара "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩызцәа рлига" аԥҵара аԥшьгаҩыс даман. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит аконференциақәа, асеминарқәа", - иҳәеит Галустиан.

Маӡалатәи абжьыҭирала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутат Асҭамыр Логәуа жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи еимадарақәеи ҳџьынџьуаа рнырреи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩыс иалхразы 29-ҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит, аӡәы даҿагылеит. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0