Аԥсни Ҟрыми рыбжьара атауареикәыршара 400 000 доллар артәоит

© Foto / Кабинет министров РААԥсни Ҟрыми рыбжьара атауареикәыршара 400 000 доллар артәоит
Аԥсни Ҟрыми рыбжьара атауареикәыршара 400 000 доллар артәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аделегациа Ареспублика Ҟрым ахь инеит ԥхынҷкәын 12 рзы ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа аҩбатәи аилатәара аҽалархәразы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Аԥсни Ҟрыми рнаплакқәа рыбжьара иахьатәи аамҭазы атауареикәыршара 400 000 доллар артәоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аиҳабыра рсаит, Ҟрым ахада Сергеи Аксионов иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

© Foto / Кабинет министров РААԥсни Ҟрыми рыбжьара нап рыҵаҩуп ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усхкқәа рганахьала аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы.
Аԥсни Ҟрыми рыбжьара атауареикәыршара 400 000 доллар артәоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Ҟрыми рыбжьара нап рыҵаҩуп ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усхкқәа рганахьала аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы.

Аксионов иазгәеиҭеит Аԥсни Ҟрыми рыбжьара анапы шрыҵаҩу ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усхкқәа рганахьала аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы. Абарҭ аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснынтәи Ҟрымҟа инаргахьеит 45 тонна аргыларатә материал – аԥслымӡи абӷанҷи.

"Аԥсни Ҟрыми рнаплакқәа рыбжьара иахьатәи аамҭазы атауареикәыршара мҩаԥысуеит. Иахьатәи аамҭазы атауареикәыршара 400 000 доллар артәоит. Аҭагылазаашьа адинамикатә ҟазшьа амоуп", - ҳәа иҳәеит Ҟрым ахада.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны иалацәажәан акультура аусхк аҟны аинырра азҵаара.

Иара убасгьы ажәалагала ҟаҵан антикатә ҭынха иаҵанакуа ақалақьқәа рассоциациа еиҿкаазарц.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәарахь инеиз аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҟны ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡашьақәа ирылацәажәан. Иазыԥхьагәаҭан ахырхарҭа ҿыцқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0