Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра ҽаантәи ашықәс ахь ииаргеит

© SputnikСудебное заседание
Судебное заседание  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа аӡбра амчра аиуеит ианрыларҳәа ашьҭахь, аха иара иреиҳаӡоу аӡбарҭатә орган – Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь иахашшар ҟалоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра ҽаантәи ашықәс ахь ииаргеит ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аилатәараан ашшыҩ ихьчаҩ Инга Габилаиаԥҳа адҵа ҟалҵеит аӡбаҩ Роман Кәарҷиа икандидатура ықәгазарц, иара изинмчқәа рыҿҳәара иахахьыԥахьоу инадҳәаланы. Аӡбаҩцәа анеилацәажәа ашьҭахь уи мап ацәыркит.

Судебное заседание  - Sputnik Аҧсны
Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа аусура иалагеит акандидат Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ инақәыршәаны

Аӡбаҩцәа рыӡбра ҵаҵӷәыс иарҭеит Роман Кәарҷиа дызлахәу аус аилыргара нҵәаанӡа даанхар ауеит ҳәа.

Цәыббра ааба рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны АКХ алкаақәа рыла аԥыжәара игеит Рауль Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба 47,39% абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Алхас Кәыҵниа цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы. Закәанла аӡбарҭа жәамш рыҩнуҵҟа уи азы аӡбамҭа аднакылароуп.

Алхас Кәыҵниа игәаанагарала, алхрақәа раан аиааира згаз абжьқәа реиҳарак рыла далхтәуп, аха убри аан "зегьы сырҿагылоит" ҳәа зыбжьы азҭаз рыбжьқәеи аоппонент изы иаҭаз абыжьқәеи еилаҵаны раасҭа еиҳаны абжьы имазароуп.

Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада абжьқәа реиҳарак рыла далхызарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭарақәа рыламҭалаз. "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым аилкаарақәа цәырнагоит. Уа иныҭкааны иарбам аҩбатәи атур аан иаиааиз дшалкаатәу. Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа Аԥсны Апарламенти Аконституциатәии Иреиҳаӡоуи аӡбарҭақәеи рахь ацхыраараз ашәҟәқәа наишьҭит.

Ажәабжьқәа зегьы
0