Афонд "Ашана" хышықәса зхыҵуа Шабаҭ изы аԥареизгара иалагеит

© SputnikШабаҭ Гәаланӡиа
Шабаҭ Гәаланӡиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Шабаҭ Гәаланӡиа аҽыхәышәтәра дахысроуп Москватәи амедицинатә технологиақәа Ринститут аҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Шабаҭ Гәаланӡиа ихәышәтразы аԥареизгара хацнаркит.

Шабаҭ дхәыҷы ласуп. Ахәыҷтәы центр аҿы иибоз зегьы иҽырхьигӡарц иҭаххеит, ажурналистцәа дрыҿцәажәеит.

Аҳақьымцәа ааигәа Шабаҭ инервтә система хада ишақәнагоу аус ауам, иԥкуп ҳәа азыршьеит. Иара макьана ихала дызныҟәаӡом, данныҟәогьы, ишьапԥынҵа дықәгылан ауп дышныҟәо.
© SputnikШабаҭ Гәаланӡиа
Афонд Ашана хышықәса зхыҵуа Шабаҭ изы аԥареизгара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Шабаҭ Гәаланӡиа

Шабаҭ иира аамҭа ааиаанӡа диит, кьылак маҷӡак еиҳан икапан. Ианду Иамзе Хаҳәбиаԥҳа лажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа дышҭаз иҭагылазаашьа бааԥсхеит, иаразнак Аԥсны анҭыҵҟа дыргеит.

Мактина Джинджолия  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьалԥҳа агәыҳалалратә фондқәа еицырзеиԥшу абазазы: макьана ҭеллоуп

Аҳақьымцәа ихшыбаҩ ачырагәаҩа (киста - аред.) амоуп рҳәеит, ԥыҭрак ашьҭахь ДЦП имоуп ҳәа шьақәдыргылеит.

Аҭаацәа ирылшо зегь шыҟарҵогьы, ихала дныҟәо далагарц азы аҽыхәышәтәра акурс ҷыдақәа дырхысроуп. Уажәы иара изыԥшуп Москватәи Амедицинатә технологиақәа ринститут аҿы.

Шабаҭ ихәышәтра ахәԥса иартәоит 199 430 мааҭ.

Афонд аҳәара ҟанаҵоит ахәыҷы ицхрааразы. Ацхыраара аҟаҵашьа арбоуп афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0