Ахәыҷтәы "Нарҭ" "Аиааира ахраҿа" иаԥсахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәыҷтәы "Нарҭ"
Ахәыҷтәы Нарҭ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2006 шықәса рзы ииз рыбжьара раԥхьатәи Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аиааира ахраҿа" мҩаԥысуан аҟәатәи астадион "Динамо"  аҿы ԥхынҷкәын 17 - 19 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik. 2006 шықәса рзы ииз рыбжьара раԥхьатәи Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аиааира ахраҿа" аҟны аиааира агеит аҟәатәи ахәыҷтәы команда "Нарҭ". Ахыркәшаратә хәмарраан дареи афонтәи акомандеи еиԥылон.

Атурнир иалахәын: Афон ҿыц ақалақь аҟынтәи ахәыҷтәы спорттә школ акоманда, аҳҭнықалақьтәи акомандақәа "Нарҭ", "Алекс", аицлабрақәа рысас  –  Академия "Заря" (Луганск).

"Атурнир аҿы иаиааиз далыркаауан иоуз аочкоқәа рыла. Иалахәыз зегьы аҳамҭақәа ранашьан, избанзар арҭ хәыҷқәоуп, аспорт абзиабара дырктәуп", - иҳәеит аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Витали Федоренко.

Ахыркәшаратә хәмарра аԥхьа "Нарҭи" "Афони" 6-6 очко рыман, аха иҭаршәызи ирыцәҭашәази рхыԥхьаӡарала аҳҭнықалақь акоманда аиҭахарагьы ианышәон.

Ахәыҷтәы Нарҭ Дагомыс атурнир аҿы аиааира агеит - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷтәы "Нарҭ" Дагомыс атурнир аҿы аиааира агеит

Ашьапылампыласыҩцәа шқәыԥшқәазгьы, ахәмарра бзиа мҩаԥыргеит, ахәаԥшцәагьы изныкымкәа аԥснытәи ашьапылампыл уаҵәтәи аԥеиԥш ҳәа изықәгәыӷуа рнапы рзеинырҟьон.

Абри ахәмарраан афонаа аԥхьатәи ампыл ҭадыршәит. Аинар Смыр №17 уи илиршеит. Аамҭақәак рышьҭахь Леон Аргәын №18 аҭактә мпыл ҭаиршәит, нас аҽакгьы.

Аҩбатәи атаим аан ампыл ҭаиршәит Афон ахәмарыҩ Соузар Жьиба. 2:2 ҳәа ахәмарра шхыркәшахазгьы, аҵыхәтәантәи аԥхьаӡарала "Нарҭ" аиааира агеит. 

Акомандақәа ироуз очкоқәа рыла аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит афонтәи акоманда "Афон", ахԥатәи – "Заря" (Луганск), аԥшьбатәи –"Алекс" (Аҟәа).

Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц - Sputnik Аҧсны
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц

Лугансктәи акоманда азыҟаҵаҩ Константин Пинчук иҳәеит гәахәарыла Аԥсныҟа ааԥхьара шидикылаз.

"Даара ибзианы ҳрыдыркылеит. Ахәыҷқәа агәахәара ду рымоуп. Ҳара ареспублика аҭыԥ ԥшӡарақәагьы аабараны ҳаҟоуп. Атурнир аҩаӡара ҳарак аман имҩаԥысит", - иҳәеит иара.

Атурнир аихшьаалақәа рыла иреиӷьу ашьапылампыласыҩ ҳәа далкаауп "Нарҭ" ахәмарыҩ Леон Аргәын, иреиӷьу ажәылаҩ  – Қьамал Ҳагба (Афон), иреиӷьу мбахьчаҩны далыркааит Леон Смыр (Афон). Лугансктәи ахьчаҩбжа Ильган Алиев дреиӷьны ахьӡ ихырҵеит, атурнир иреиӷьу ахьчаҩ ҳәа ихьӡ рҳәеит Кан Қәычбериа ("Нарҭ"). Леван Гәычуа – иреиӷьу жәылаҩуп.

Атурнир "Аиааира ахраҿа" еиҿнакааит Афон ҿыц ақалақь ахадара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0