Аҵак ду змоу архивтә документқәа Аибашьратә фырхаҵара амузеи иаҭоуп

© SputnikАктәи аԥсуа ԥырҩы идокументқәа
Актәи аԥсуа ԥырҩы идокументқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи иаҭо архивтә документқәа руак инапы аҵаҩуп Аԥсны ЦИК ахантәаҩы Нестор Лакоба.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Виктор Аргәын идҳәалоу архивтә документқәа ҩба Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи иаҭоуп.

Адокументқәа имԥыхьашәеит, амузеи ахьгьы инеигеит аҭоурыхдырыҩ Геннади Ларин. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи иаҭоу архивтә документқәа руак инапы аҵаҩуп Аԥсны ЦИК ахантәаҩы Нестор Лакоба.

"Арҭ адокументқәа рыҟазаара закәаншьаҭа аманы избоит. Сҩызцәа, аус сыцызуа ибзианы ирдыруеит Аԥсны сшаҩыза гәакьоу. Убас сҩызцәа руаӡәк арҭ адокументқәа сзааиҭиит, амузеи иасҭарцгьы аҳәара ҟаиҵеит – ауаа ирбаразы", - ҳәа еиҭеиҳәоит Евгени Ларин.

Нестор Лакоба инапы зҵаҩу адокумент шьақәыргылан иара иҭахара мызқәак шагыз. Уаҟа Лакоба Аграждантә ҳаиртә флот аиҳабы Ткачиов диҳәоит Аҟәатәи аҳаиртә клуб ахь Виктор Аргәын ииагара алиршарц.

"Адокумент иаанарԥшуеит Нестор Лакоба Виктор Аргәын илахьынҵа дшахӡыӡоз, иара убасгьы амилаҭтә кадрқәа рыҟазаара хыс ишимаз", - иҳәоит аҭоурыхдырыҩ Николаи Медвенски.

Маҳҭы Бениа  - Sputnik Аҧсны
Нестор Лакоба зыгәра игоз: Маҳҭы Бениа иҭоурых

Адокумент аҷыдара азгәеиҭеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьапуа. Иара иҳәеит Нестор Лакоба 1936 шықәса, ԥхынҷкәынымзазы данҭаирха ашьҭахь Бериа иара ихьӡ зҳәоз адокументқәа зегьы рықәхра иҽшазишәаз.

"Ас еиԥш иҟоу адокументқәа, архив ду злаблыз ала, акы-ҩба инхақәазгьы ҳнапаҿы излаҟам ала, аҭоурых азы аҵак ду аманы сахәаԥшуеит. Лакоба цәгьаԥсышьа иҭаны дыныршьыз ашьҭахь, ихаҭара иаҵанакуаз зегьы иҟаӡамшәа иқәыргеит, ихьӡ зҳәоз ҳәа ак аанмыжькәа, иара ихаҭа ишилгоз еиԥш, ҳҭоурых ишалгоз еиԥш, инапы зҵаҩыз адокументқәагьы ықәыргон. Ас еиԥш ашәҟәы абла ҷыҵ еиԥш ихьчатәу ауп. Аҩбатәи – иара ахаҭа ҩуп алатынтә шрифт ала, аԥсышәала ианыҩуаз аамҭа арҵабыргуеит, ахԥатәи – Аҟәа ақалақь усҟантәи аамҭазы ишахьӡыз еиԥш иахьагьы иахьӡуп, ақырҭцәа ишырхәыцыз акәымкәа. Абасала ари адокумент иаҳәо рацәоуп", - иҳәеит Џьопуа.

Виктор Аргәын имоҭа Есма Аргәынԥҳа аԥшаах зыбзоуроу ҭабуп ҳәа иалҳәеит.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи арҭ адокументқәа рыхкьыԥхьаа рырҭеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии Виктор Аргәын иҭаацәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0