Напышьашәала идырцәоит: Аҟәа араион аҿы еиҭах абна амца акуп

© Foto / Аслан АмичбаНапышьашәала идырцәоит: Аҟәа араион аҿы еиҭах абна амца акуп
Напышьашәала идырцәоит: Аҟәа араион аҿы еиҭах абна амца акуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан гектарки бжаки абна амца акуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа азааигәара абна амца ацралеит асабша, ԥхынҷкәын 21 рзы, абри атәы Sputnik Аԥсны акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони абылраҽацәыхьчаратә гәыԥ аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.

"Ашәарҭаразы адырра шаароуз еиԥш, абылраҽацәыхьчаҩцәа иаразнак рҽеидыркылт. Абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иҷыдоу атранспорт рышьҭит, аха уи ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынӡа анеира злацәгьоу ала, уахь амашьына зхалом. Шьапыла абылра аҭыԥ ахь ҳзынаӡар, амца напышьашәала иҳарцәалоит", - иҳәеит Кәыҵниа.

Иара иажәақәа рыла, уажәазы гектарки бжаки абна амца акуп. Уи арцәара Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ҩажәаҩык раҟара адԥхьалоуп. Иҟалаз абылра ауаҩытәыҩсатә фактор ауп еиҳарак изыхҟьаз иҳәеит Кәыҵниа.

Абҵара 10 рзы Аԥсны Аҟәатәи, Гагратәи, Гәдоуҭатәи араионқәа иахьрыҵаркуаз абнақәа амца ркит. Абҵара 15 рзы аԥснытәи ахьчаҩцәа ирыцхраарц иааит урыстәылатәи АҶА аҟынтәи рколлегацәа. Амца арцәаразы Аԥсныҟа иааит авертолиот Ми-8, аҳаирплан-амфибиа Бе-200. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, Урыстәыла АҶА авиатехника зынӡа 266-нтә ишьҭыԥрааит, амца иақәырҭәеит 1736 тонна раҟара аӡы. Урыстәыла АҶА иҟанаҵаз ацхыраара хәыда-ԥсадан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0