Асҭамыр Қьецба Гагра араион ахада инапынҵақәа неигӡалоит

© Foto / Кабинет министров РААстамур Кецба
Астамур Кецба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхынҷкәын 23 рзы Гагра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Асҭамыр Қьецба Гагра араион ахада инапынҵақәа неигӡаларц азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-ҵакыратә акқәа рнапхгараҭаразы" азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны Асҭамыр Шамил-иԥа Қьецба Гагра араион ахада инапынҵақәа неигӡалаит", - ануп аусԥҟа атекст аҿы.

Убри адагьы Рауль Ҳаџьымба Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡоз Геннади Сыҷынаа инапынҵақәа рааныжьразы.

Асҭамыр Қьецба Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Уаанӡагьы иара 2006-2011 шықәсқәа раан Гагра араион ахадас дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0