Аԥсны АҶА аҿы иалацәажәеит ареспубликаҿы иҟоу амцакрақәа ртәы

Анапаҵаҩра
Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан раԥхьатәи амцакратә ҭыԥқәа гәаҭан ԥхынҷкәын 21 рзы. Уа абылра иаҿын 10 гектарк рҟынӡа абнара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа абылрақәа азгәаҭоуп Аҟәа араион, Очамчыра араион, Гагра ашьхара иахьаԥну ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Напышьашәала идырцәоит: Аҟәа араион аҿы еиҭах абна амца акуп - Sputnik Аҧсны
Напышьашәала идырцәоит: Аҟәа араион аҿы еиҭах абна амца акуп

"Гагра иҟалаз абылра гәаҭан ԥхынҷкәын 22 рзы. Рыцҳарас иҟоу амцакратә ҭыԥқәа рахь анеира уадаҩуп. Атехника аума амцарцәаҩцәа роума рнеира ԥкуп. Ҳамцарцәаҩцәа макьаназ рус изаламгацт, Урыстәылатәи ҳколлегацәа рахь аҳәара ҟаҳҵеит ацхырааразы авиациа аганхь ала", - иҳәоит иара.

Ӷәада ақыҭангьы абнараҿы амцакра шыҟалаз ангәарҭа ашьҭахь иҟаҵаз адыррала амцарцәаҩцәа лассы инеины амца ахыҵхырҭа арцәара рылшеит. Макьанагьы абылра иаҿуп Акаԥа ақыҭантәи абнарақәа.

"Араҟагьы аҭыԥқәа рызнеира уадаҩуп. Атехника знеиуам. Амцарцәаҩцәа уахь шьапыла инеины амцарцәара мҩаԥыргоит", - азгәеиҭеит Гындиа.

Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан раԥхьатәи амцакратә ҭыԥқәа гәаҭан ԥхынҷкәын 21 рзы. Уа абылра иаҿын 10 гектарк рҟынӡа абнара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0