Москва Sputnik ацифратә ԥсаӡ аҿы Аԥсуа традициақәа рымш азгәарҭеит

© Sputnik Москва Sputnik ацифратә ԥсаӡ аҿы Аԥсуа традициақәа рымш азгәарҭеит
Москва Sputnik ацифратә ԥсаӡ аҿы Аԥсуа традициақәа рымш азгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 17 инаркны аныҳәамшқәа аанҵәаанӡа Москва, ГУМ аҟны ацифратә ԥсаӡ аҭааҩцәа иднардыруеит еиуеиԥшым атәылақәа ражәабжьқәа, рҭоурых, ркультура. Амҽыша, ԥхынҷкәын 29, Аԥсны иамшын.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik. Жәларбжьаратәи амаҵзуреи арадиои Sputnik ГУМ аҟны Аԥсны атрадициақәа рымш хацнаркит ацифратә ԥсаӡ аҟны.

Аԥсуаа Ашықәс ҿыц шымҩаԥырго, ахьӡ аԥсышәала ишыҟоу, Ажьырныҳәа ҵакыс иамоу, аныҳәатә еишәа архиашьа, ачыс уҳәа ирацәоуп зыӡбахә рҳәаз.

Жәларбжьаратәи амаҵзуреи арадиои Sputnik ГУМ аҟны иара аус ахьауа атәылақәа ражәабжьқәа рҳәара хацнаркит ԥхынҷкәын 17 рзы.

2019 шықәса рзы Sputnik хәышықәса ахыҵра азгәаҭан. Аԥсаӡгьы аҳҭнықалақь ауааԥсыра ҳамҭас ирзыҟаҵан.

МИА "Россия сегодня" Sputnik ГУМ-аҵаақәшьқьырырҭа, ГУМ аҟны аныҳәатә ԥсаӡ, ГУМ-џьармыкьа информациатә партниорны ирзыҟалеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0