Гыцба арежиссиор Михаил Мархолиа изы: ауаҩра илан, уқәҿиарақәа дреигәырӷьон

© из архива семьи МархолиаАԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа режиссиор ҟаза Михаил Мархолиа игәалашәара аҳаҭыразы ажәа иҳәоит иҩыза гәакьа Аԥсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа дхәыҷаахыс дызнысыз иԥсҭазааратә мҩа мариамызт. Шаҟа ақәыӷәӷәара инаҭоз аҟара, убриаҟа аҽарҭбаауан иара ԥсабарала илаз ибаҩхатәра. Ауаҩытәыҩса иҟазшьа аҷыдарақәеи аҟазара аԥшшәахәқәеи анеилалак, хымԥада ауаҩытәыҩса ихаҿра ианымԥшырц залшом. Михаил Мархолиа ирҿиара акыр дазгәыдууп, ахә ҳаракны ишьоит, насгьы иҟамзаара акыр ихьааигоит иара иҩыза гәакьа Аԥсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба.

Анна Аргун Коношок - Sputnik Аҧсны
Асценаҿ зыԥсҭазаара мҩасыз: Анна Аргәын-Коношок диижьҭеи 105 шықәса ҵит

"Миша рыцҳа изы иуҳәаша акыр ирацәоуп, иҭоурых даара иҭбаауп. Иареи сареи ҳаиқәлацәан, мызқәак роуп иҳабжьаз. Ҳара ҳаамҭазы даара аҭагәҭасрақәа ыҟан. Аибашьра ду аан ҳара ҳхәыҷкәан, аха ӡәыр ҳамазар зегьы алахәымзи, уи ахыԥша ҳхьымсыр ауазма? Ҳхәыҷра даара иманшәаламкәа ицон. Усҟан қырҭшәала акәын аҵара шаҳҵоз, ишакәхалакгьы ҵарак ҳдырҵеит, ус "дара" ирҵалааит, аха…"? - иҳәеит Шьалуа Гыцба.

Аԥсҭазаара аҭагәҭасра акыр икыднаҟьахьаз Михаил Мархолиа иҵарадырра аизырҳара дашьҭан. Гәдоуҭатәи абжьаратә школ даналга(уахынлатәи аҟәша) Ленинградтәи атеатри, акинои, амузыкеи ринститут дҭалеит. Убасалагьы аҟазарахь инагаз имҩаду агәашәқәа изаатуа иалагеит.

"Гьаргь Товстоногов инапхгарала аҵара иҵон Миша Мархолиа. Товстоногов, даара абаҩхатәра ду злаз режиссиорын. 1966 шықәса рзы аинститут далганы дааит. Убри инаркны Аԥсуа театр аҿы аус иуан. Михаил Мархолиа иқәҿиарақәа, иҭагылазаашьа зегьы ааидкыланы иуҳәозар, ауаҩра илан, ипринципқәа цәгьан. Ус баша ицәажәоз иакәӡамызт. Ауаҩра дашьҭан, иаргьы ууаҩызар иҭахын", - ҳәа азгәеиҭоит Шьалуа Гыцба.

© Фото : из архива семьи МархолиаРежиссер Михаил Мархолиа
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа  - Sputnik Аҧсны
1/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
© Фото : из архива семьи МархолиаРежиссер Михаил Мархолиа
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа  - Sputnik Аҧсны
2/7

3/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
© из архива семьи МархолиаРежиссер Михаил Мархолиа
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа  - Sputnik Аҧсны
4/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
© Фото : из архива семьи МархолиаРежиссер Михаил Мархолиа
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа  - Sputnik Аҧсны
5/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
© из архива семьи МархолиаРежиссер Михаил Марколиа (слева)
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа  - Sputnik Аҧсны
6/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
© Фото : из архива семьи МархолиаРежиссер Михаил Мархолиа на съемочной площадке
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа  - Sputnik Аҧсны
7/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
1/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
2/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
3/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
4/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
5/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
6/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа
7/7
Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатри , акинои, ателехәаԥшреи ррежиссиор Михаил Мархолиа

Аԥсуа театр адунеи режиссиорк аҳасабала иаҭааз Михаил Мархолиа, ахааназы аԥсуа культура ишьҭамҭа анымҵуа иазынижьит. Иара иқәыргыламҭақәа ахатә гьама рыман, ахатә цәа рыҟәнын, даҽакы иалаҩашьо иҟамызт, ус ауп иахьагьы.

Софа Агумаа - Sputnik Аҧсны
Зҟазарыла ахәаԥшцәа хызххьоу: Софа Агәмааԥҳа 80 шықәса лхыҵит

"Миша, иара иаҵкыс уара уеиӷьзар иҭахын, уқәҿиарақәа дреигәырӷьон, абас еиԥш аҟазшьа змаз уаҩын. Хаҭала сара ирацәаны испектакльқәа рҿы салахәын, еиуеиԥшымыз арольқәа сыхәмархьан. Ажәакала, еибадырны, ҳаҭыр еиқәҵаны, еилибакааны аус зуаз ҳреиуан иаргьы саргьы", - игәалиршәоит Гыцба.

60-тәи ашықәсқәа инадыркны Михаил Мархолиеи Шьалуа Гыцбеи еицрымшәо еицын, бзиа еибабон, еиҩызцәан, рҿиара дук аԥсҭазаара еиднаакылон.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь еиҳагьы ҳаизааигәахеит. Сара уажәы Лӡаа ақыҭаҿы сыҟоуп, аибашьраан иаргьы абра даанхеит. Сгәылара дгьылк амихын дынхон-дынҵуан, нас афильмқәа рҭыхра далагеит. Ииҳәашаз рацәаӡаны иман, рыцҳа. Аибашьра иахҳәааны афильм ҟаиҵеит, "Аибашьра уажәыгь инымҵәаӡац"- ҳәа ахьӡҵаны. Миха Лакрба иновеллақәа инадыркны иҭихқәаз рацәоуп. "Мшаԥаҽны" захьӡу афильмгьы аибашьра ашьҭахь ауп ианыҟаиҵа. Даара ацхыраара ииҭон амаценат, аҟазара бзиа избоз, уи акыр ах ҳаракны изшьоз Витиа Џьениа", - ҳәа азгәеиҭоит Шьалуа Гыцба.

Аԥсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба акырӡа ихьааигоит ажәытә аамҭа, уи иацыз ахаара, абзиабара, агьама ҳаракы. Иҩыза бзиа Михаил Мархолиа дахьигхаз акыр игәнигоит, игәалашәара лаша еснагь ицуп.

Аԥарда - Sputnik Аҧсны
Ар ирнымиац - дхаҵа ӷәӷәоуп: атеатртә критика аҟамзаара ахҟьаԥҟьақәа

"Џьара ҳцозма, џьарантә ҳаицаауазма, цәгьароума, бзиароума еснагь иаҳҳәашаз ҳаман, алафгьы ҳабжьан. Зны-зынла ҳанааидыххылозгьы ыҟан, "уара сара",- ҳәа анеибаҳҳәозгьы, уи цәгьара аҵаҵаны акәмызт, гәыбӷан амҭакәа акәын ҳшеицәажәоз. Убри аҟазшьа еицеиҩаҳшон иареи сареи сҳәар сылшоит. "Уара, уаҳа акрыуҳәарц уҭахума?"-анысҳәалак, нас аччара далагон", -рлафтә ҟазшьақәа ҳазцәыригеит Шьалуа Гыцба.

Михаил Мархолиа акинофильмқәа "Свидетель", "Да спасет нас Бог", асериал "Не стреляй Мадина" уҳәа режиссиорс дрыман. Михаил Мархолиа Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы иқәиргылахьаз аусумҭақәа шьарда ыҟан, ипрофессионалтә ҩаӡарагьы ахы ахьакыз убраҟоуп. Ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр (ТЮЗ)арежиссиор хадас даман. Уи иааигәара иҟазарц иҭахын абаҩхатәра злаз ауаа, ахәаԥшцәа рыбзиабара аԥсахара акыр аџьабаа ду шаҭахыз еиликаауан. 1991 шықәса рзы Михаил Мархолиа, асахьаркыратә-документалтә фильмқәа ркиностудиа "Абхазфильм" напхгаҩыс даман.

"Иҟаиҵашаз, дызхьымӡаз рацәоуп. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аамҭазы ашьақәыӷәӷәара дыхҭанакны даман, дамгар амугәышьеит ичымазара. Михаил Мархолиа хҩык аҷкәынцәа иман. Руаӡәк, Рома Мархолиа еицырдыруа режиссиоруп, Урыстәыла, Европа ухәа спектакльк ахьықәимыргылац ыҟам. Даҽа ҩыџьа аҷкәынцәа даҽа ԥхәыск лҟынтә ихшеит, рыцҳарас иҟалаз аӡәы машәырла дҭахеит, убри ибӷа акыр иԥнаҵәеит. Егьи иҷкәын иҟынтә амаҭацәа имоуп, Москва инхоит. Миша дҳагуп даараӡа. Иҩызцәа иқәлацәа ҳаидтәаланы ҳанеицәажәо, аусура иахҟьоума, аспектакльқәа рықәыргылара аҿоума, иара иӡбахә цәырымгакәа арепетициа ҳзыҟаҵаӡом, убриаҟара даҳзааигәан, убриаҟара диашан, дыцқьан аӡыхь еиԥш", - ҳәа азгәеиҭоит Аԥсны жәлар рартист.

Аҟазара иамоуп ахатә ҷыдарақәа. Ахәаԥшҩы игәы иақәшәаз, напеинҟьарыла идикылаз ақәыргыламҭа, ахааназы игәаҵаҿы аҭыԥ ааннакылоит. Аԥсуа режиссиор ҟаза ду Михаил Мархолиа, ҳахәаԥшцәа рыбзиабара иаԥсахаз дыруаӡәкуп, игәалашәара лаша наунагӡа ԥсра-ӡра ақәым.

Ажәабжьқәа зегьы
0