Борис Багаҭелиа: даҽа акыр шықәса аспорт адунеи салазарц сыгәҭакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБорис Багателия
Борис Багателия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара иаԥсахаз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу, Жәларбжьаратәи акласс змоу аспорт азҟаза, хынтә Урыстәыла ачемпион, ҩынтә Адунеи ачемпион Борис Багаҭелиа ибаҩхатәра амаӡақәа Сырма Ашәԥҳа лматериал аҟны.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуа қыҭа иааӡаз, анхацәа иҭаацәа ирылҵыз, ахшара рацәа ахьеизҳауаз Отаԥ ақыҭа инхоз Колодиа Багаҭелиа иԥшәмаԥхәыси иареи 11-ҩык ахшара рааӡеит, ааҩык аҭыԥхацәеи, хҩык арԥарцәеи. Убарҭ дыруаӡәкуп ҳанҵамҭа афырхаҵа Борис Багаҭелиа. Аԥсабара иланаҵаз абаҩхатәра иабзоураны, аспорт аганахь ала Борис Багаҭелиа деицырдыруеит Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы. Изныкымкәа хьыӡрацара инагоу амҩа иааирала данысхьеит. Аха, ишԥахацыркхеи аханатә уи дызнылаз амҩахәасҭа хәыҷы, иара ҳиҿцәажәап.

GAMES-EUR-2015-WRESTLING-SAMBO - Sputnik Аҧсны
Борис Багаҭелиа аветеранцәа рыбжьара самбо азы адунеи дачемпионхеит

"Отаԥ ақыҭаҿы абжьаратә школ сҭан. Аха, усҟантәи аамҭазы ақыҭақәа рҿы аспорт аҽазыҟаҵарҭақәа абаҟахыз. Џьоџьа Адлеиба ҳәа сырҵаҩы ҳиманы аԥслымӡ ахькаԥсаз астадион ашҟа ҳаигон, аԥсыуала бӷарҵахы ҳәа аиқәԥара ҳәа ыҟан, ҳирқәԥон, иара аиқәԥара ахьызбаз, ашьапгьы ахьыскыз", - ҳәа азгәеиҭоит Борис Багаҭелиа.

Борис Багаҭелиа ашкол аҟны аҵара аниҵоз аамҭазы, Аԥсны Жәлар рартист Кәасҭа Ченгелиа дназлаз, ашәа зҳәо ҳәа абжьқәа гәарҭарц ашкол иаҭааит. Усҟан, абжьы бзиақәа рхоуп ҳәа Никита Адлеибеи Борис Багаҭелиеи алырхит. Аҟәаҟа ааԥхьара рырҭеит, рҵара уа иацырҵарц рабжьыргеит.

"Никита иҭаацәа азин ирҭеит. Сара санду рыцҳа илҭахымхаӡеит, Аҟәаҟа саашьҭра дацәшәеит, абасала сҭаацәа мап сцәыркит. Издыруадаз усҟан сааратәы иҟалазҭгьы, иахьа даҽа қәҿиарақәак сзыԥшызҭгьы. Ашкол саналга ашьҭахь ауп Аҟәаҟа санаа, саҳәшьеиҳаб ара дынхон лара лҿы сыҟан, абраҟоуп аспорт сахьалагазгьы. Ус, Витали Ҵәыџьбеи сареи ҳаибадырит, Ҷлоутәын иара. Убри исеҳәеит Багаҭелиа Митиа ҳәа авокзал азааигәара аспорт ишазыҟаиҵоз, саргьы снеирц сабжьигеит, сыуак симаны дааит Митиа иҿы, зхы иақәиҭуа аиқәԥара уброуп сахьалагазгьы",-иҳәоит Борис Багаҭелиа.

Борис Багаҭелиа иҽазҵәылхны аспорт ахырхарҭала аҽазыҟаҵарақәа дшырҿыз, аарамаҵзурахьы ааԥхьара иоуит, уахь дцеит.

ажурналист Адгур Гунба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәынба: жәлар рыхәмаррақәа аԥҟарақәа инҭырҳәцааны издыруа маҷӡам

"Алтаитәи атәылаҿацә иаҵанакуа Барнаул сақәшәеит аррамаҵзура, уа сахьнеиз аспорт ротаҿы аспортсменцәа алырхуан, саргьы сазгәарҭеит, салыркааит. Уаҟа салагеит самбо, дзиудо ахкқәа рыла ақәԥара. Ҩышықәса уа сыҟан, атурнирқәа сыриааит. Арахь санхынҳә Қырҭтәылатәи ақәԥара салагеит, дареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа зеиԥшраз жәдыруеит усгьы, ацхыраара сырҭомызт. Ус Ригаҟа ааԥхьара соуит, уа сшыҟаз Минск имҩаԥысуаз Жәлар рспартакиада салахәхеит. Аха, снапы иамаз ааха иахҟьаны саиааиртә еиԥш изыҟамлеит. Уаҟа ҩынтә саҵахеит, ҩынтә саиааит", - ҳәа азгәеиҭоит Борис Багаҭелиа.

Урыстәылантәи Борис Багаҭелиа ҩаԥхьа Аԥсныҟа дааит. Қырҭтәыла Адунеи акубок агаразы имҩаԥысуаз аспорттә еицлабраҿы аиааира игеит. Қырҭтәыла дшыҟаз зегьы нкажьны дыбналаны Аԥсныҟа деиҭааит. Аполитика ахыԥша иныруан, иааибуамызт ақырҭқәеи иареи. Аиааира игозаргьы ирҭаӡомызт, ишалымҵуаз аниба иаанижьит.

"СССР аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ сыман, 24-25 шықәса сшырҭагылаз саҟәыҵит ақәԥара, исылшон хымԥада ацҵара, аха аамҭа убас еиԥш сҭанаргылеит. Сара аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥызгоз акырынтә аицлабрақәа ириааихьаз аӡәы иҽазыҟаиҵон. СССР-и, Европеи, Адунеизегьтәи ачемпионатқәа дыриааихьан. Аибашьра ашьҭахь Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа дааит, сиԥшааит. Аҩны сара сҿы дыҟан, аспорт зал ашҟа аныҟәара ҳалагеит. "Ианакәымыз икаужьит, имариаӡам 20 шықәса иахьыбжьаужьыз, аха уеиҭалага, игәыӷьы" - ҳәа сабжьигеит. Абасала, схы дыҩҭалан сҩыза, аспорт азыхынҳәра сгәаирԥхеит", - ҳәа азгәеиҭоит Багаҭелиа.

Аамҭеиҭасрақәа егьа дрықәшәазаргьы аспорт азҟаза Борис Багаҭелиа, зегь акоуп бзиа иибоз аус датәнатәит. Аҵыхәтәаны, азыҟаҵаҩ Ҭемыр Џьапуа ибзоураны, ҩаԥхьа Багаҭелиа ақәԥара деиҭалагеит.

"Сынтәа быжьшықәса ҵит аспорт саҿуижьҭеи. Убри аамҭа иалагӡаны 21-нтәы сықәгылеит. Урҭ рахьынтә хәынтә аџьаз, хынтә араӡын, жәынтәы актәи аҭыԥ ааныскылахьеит. Адунеизегьтәи ачемпионат аҟны ҩынтә аџьаз, знык араӡын, ҩынтә актәи аҭыԥқәа згахьеит. Аҳәаанырцә имаҷымкәа сықәгылахьеит, иаҳҳәозар: Урыстәыла, Болгариа, Бырзентәыла, Партугалиа, Израиль, Чехословакиа, Африка", - ажәабжь дагәыланахаланы дҳацәажәон Багаҭелиа.

© Foto / из личного архива Бориса Багателия Борис Багателия
Борис Багаҭелиа: даҽа акыр шықәса аспорт адунеи салазарц сыгәҭакуп - Sputnik Аҧсны
Борис Багателия

Аԥхьахәқәа маҷымкәа ирыԥсахахьоу, атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы Аԥсны ахьӡ ҭызгахьоу Борис Багаҭелиа испорттә ԥсҭазаара зымҩа инижьуам, аԥхьаҟагьы ацҵара гәҭакыс имоуп.

"Сынтәа Кипр имҩаԥысуаз аицлабра схы сзаламырхәӡеит, сыла машәырла акы нхыслан сзымцаӡеит. Израиль иаҵасырхахьаз милаҭла аукраинцәа иреиуаз аӡә даиааит, даара сгәы ԥжәеит. Макьана асиаҿы иарбаӡам иарбан ҳәынҭқарроу ачемпионат мҩаԥысраны иахьыҟоу. Сгәабзиара сеиҵанамырхар, заа салацәажәар сҭахым, аха Европа сықәгыларц сыгәҭакуп самбо, дзиудо ақәԥара ахкала. Аҩбагьы сара сзы акоуп, еиԥшны еицысзааиуеит",-ҳәа азгәеиҭоит аспорт азҟаза.

Борис Багаҭелиа, аспорт инаҷыданы абжьы ссир ихоуп, иахьа дазгәыдууны инаигӡоит жәлар рашәақәа. Дхәыҷаахыс ашкол аҟны еиҿкааз ахор далан.

"Ҷлоу ақыҭан аспорт зал еиҿкааны исыман, ахәыҷқәа азыҟасҵон. Ус амҩан дсықәшәан сышьҭихит Кәасҭа Ченгелиа, ахор еиҿкааны иман ақыҭаҿы, уахь дцон. Кәасҭа ашәа шысҳәоз издырӡомызт, ҳанааицәажәа ашьҭахь ашәак аацәыригеит, саргьы ицысҳәо сҿаасхеит. Уамашәа ибеит сыбжьы, схы дааҭалан Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа сҭеиҵеит, усҟан аррантәи саахьан, сыҷкәынан. Убас еиԥш иит сашәаҳәара, аԥхьаҟатәи аконцертқәа, афестивальқәа. Аҵараиурҭа саналга ашьҭахь, Лиудмила Логәуаԥҳа лҿы ԥшьба-хәба шықәса сыбжьы ақәыргылара саҿын, аџьа сыдылбалеит. Аамҭала аҳәынҭқарратә ансамбльгьы салан, убас егьырҭ ансамбльқәа рҿгьы схы ԥысшәахьеит ",-иашәахәара ахы шакыз ҳзеиҭеиҳәеит Багаҭелиа.

Людмила Логуа. 1968 год - Sputnik Аҧсны
"Аԥсуа ҟармаҵыс" Лиудмила Логәуаԥҳа диижьҭеи 80 шықәса ҵит

Збаҩхатәра аҳәаақәа еиларсу Борис Багаҭелиа дызлахәу агәырӷьаратә уснагӡатәқәа иашәаҳәабжь агым, иҩызцәа иқәлацәа ргәалаҟара шьҭихуеит. Анцәа ианеишьаз ашықәсқәа ракәзар, абас еиԥш рхиҳәаауеит:

"Сабду 60 шықәса ихыҵуан Воуԥҳа данааигоз, лара дқәыԥшӡан. Иара шәышықәса инарзынаԥшуа днеит. Сара 60 шықәса анысхыҵ ауп еиҳа сыӷәӷәахеит ҳәа анысыԥхьаӡо. Саныҷкәыназ сыццакцәозтгьы, уажәы схәыцрақәа даҽакала иҟоуп. Бзиа избо снапы злаку аспорт хкгьы амаӡақәа еиҳа иаҵыздыраауа салагеит, схы мыргәаҟкәа ауаҩы икажьшьа. Иаҵыздырааз амаӡақәа аҿар идсырбоит, ирзеиҭасҳәоит. Даҽа жәашықәса раҟара аспорт ахьӡала сықәгылап ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Борис Багаҭелиа.

"Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара иаԥсахаз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу, Жәларбжьаратәи акласс змоу аспорт азҟаза, хынтә Урыстәыла ачемпион, ҩынтә Адунеи ачемпион, Жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы изныкымкәа аԥхьахәқәа згахьоу аспорт азҟаза Борис Багаҭелиа игәҭакқәа рынагӡараҿы изеиӷьаҳшьоит аихьӡарақәа, ҩаԥхьа Аиааирақәа!

Ажәабжьқәа зегьы
0