"Анаҩстәи аныхачаԥа аныхабаа ҳамҭас иасҭоит": аныхачаԥа зыҩуа Давид Џьниа иҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукДавид Џьниа
Давид Џьниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дарбанзаалак изанааҭ хада инаваргыланы имоуп ахобби, зны-зынла иара убри занааҭс ианышьҭихуагьы ҟалоит. Иахьатәи ҳфырхаҵа, Гагратәи абжьаратә школ №4 ажәеизатәи акласс аҵаҩы Давид Џьниа дыпрограммистхарц иҭахуп, аха дхәыҷаахыс аныхачаԥа (икона - аред.) аҩра дазҿлымҳауп.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Давид Џьниа, Гагра ахәыҷтәы ҟазаратә ҿиара "Фиеста" захьӡыз аклуб ахь иан длыманы даннеи, еилкаахеит иаартыз акружокқәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟаз аныхачаԥа аҩрагьы, аха уахь аӡәгьы дныҟәомызт. Давид аинтерес ааирԥшуашәа анылба, Украинантәи ари ахырхарҭала аус зуаз Сана захьӡыз арҵаҩы иара изы мацара аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥылго далагеит.

"Аныхачаԥа аҩразы акружок ахь сара заҵәык сакәын иныҟәоз. Аха уи еиҳагьы еиӷьхеит ари аҟазара аҽаларҵәаразы. Сырҵаҩы лаамҭа зегьы сара исықәлырӡуан. Асахьаркыратә шьаҭа слыркит, исҵеит ацәаҳәалдашьа, аградациа, ажәакала, атехникатә знеишьақәа сеиллыркааит. Анаҩс ҳалагеит ақәынҵа (холст) аҟны ақәҭыхымҭа ҳахәаԥшны аныхачаԥа аҩра. Раԥхьатәи "Казантәи Анцәа Иан лныхачаԥа" (Казанская икона Божией Матери - аред.) захьӡу акәын. Уи сырҵаҩи сареи ҩымз аус адаҳулон", - ҳәа азгәеиҭоит Давид.

© Sputnik / Томас ТхайцукДавид Џьниа инапала ииҩыз Казантәи Анцәа иан лныхачаԥа
Анаҩстәи аныхачаԥа аныхабаа ҳамҭас иасҭоит: аныхачаԥа зыҩуа Давид Џьниа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Давид Џьниа инапала ииҩыз Казантәи Анцәа иан лныхачаԥа

"Иԥшьоу Викториа" (Святая Виктория - аред.) лныхачаԥа Давид аҩбатәи иусумҭа акәхеит, уи иара ихала, есыҽны 2-3 сааҭ ақәырӡуа хәымз рыла иҩит. Давид ари аныхачаԥа амҿаҿы иҩуан аҟнытә, ауадаҩрақәа ацын.

"Раԥхьа иргыланы амҿы ибзиаӡаны аус адулатәуп. Уи вбак амамкәа иушшыроуп, ашәыгашьаҭа ауҭароуп. Нас ауп аҩрахьы уаниасуа. Амҿаҿы ашәыга лассы ибаӡом, аха асахьа даара иԥшӡахоит", - иҳәоит арԥыс.

Иԥшьоу Викториа лныхачаԥа Давид иан ҳамҭас илиҭеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукИԥшьоу Викториа лныхачаԥа
Анаҩстәи аныхачаԥа аныхабаа ҳамҭас иасҭоит: аныхачаԥа зыҩуа Давид Џьниа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Иԥшьоу Викториа лныхачаԥа

"Иахәҭаны дыҟоуп" (Достойно есть - аред.) захьӡу ахԥатәи аныхачаԥа Давид еиҭашьақәиргылаз ауп.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа Џьниаа рҭаацәара ирзааигәаз бырзен ҷкәынак уи амҿаҟны аҩра далагахьан, аха иара дықәҵны данца, иус бжамҽамны инхазаап.

"27 шықәса раахыс саб иашьа иҵәахны иман зыҩра нагӡамыз "Иахәҭаны дыҟоуп" захьӡу аныхачаԥа. Араҟагьы иаарԥшуп Иаса Қьырса хәыҷи иан Мариеи. Зыԥшшәы цахьаз аныхачаԥа аиҭашьақәыргылареи аҵыхәанӡа аҩреи зҽазысшәеит, иагьсықәманшәалахеит. Аныхачаԥа аҩра санаҿу, сгәы ҭынчхоит, схәыцрақәа зегьы абзиарахь ихоит", - еиҭеиҳәоит Давид.

Арԥыс аныхачаԥа аҩраан ихы иаирхәоит аԥсабаратә шьаҭа змоу атемпертә шәыгақәа. Урҭ асахьақәа аԥсы рханаҵоит, ублаҿы иааиуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Иахәҭаны иҟоуп" захьӡу Давид Џьниа еиҭашьақәиргылаз аныхачаԥа
Анаҩстәи аныхачаԥа аныхабаа ҳамҭас иасҭоит: аныхачаԥа зыҩуа Давид Џьниа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
"Иахәҭаны иҟоуп" захьӡу Давид Џьниа еиҭашьақәиргылаз аныхачаԥа

Давид инапы иҵыҵыз аныхачаԥақәа Гагра Абааҭатәи аныхабааҟны иԥшьоуп. Дара арԥыс аҩны ауада аҭӡаҿы аҭыԥ ҷыда рзалихит. Рҿаԥхьа иныҳәоит, ацәашьқәа рбылуеит иҭаацәеи иареи.

Давид аныхачаԥа аҩра ҳазшаз иахь имоу ахаҵара игәанарԥхеит. Уажәы гәҭакыс имоуп шықәсык аԥхьа инапы злеикыз "Быжь-хҿак" (Семистрельная икона - аред.) захьӡу аныхачаԥа аус адуланы аныхабаа ҳамҭас аҭара.

"Апап сныхачаԥақәа аниԥшьоз, сусура даара ирҽхәеит. Убасҟан исҭаххеит, аныхабаа азгьы акы зҩырц. Ҳазҭало ашықәс азы ашкол салгоит аҟнытә, аҵараҵара сахашәаланы исцәыуадаҩхеит сызлагаз аус ахыркәшара. Аха зегь акоуп аамҭа ԥшааны сыгәҭакы насыгӡоит", - инаҵишьит Давид.

Арԥыс иҩыз аныхачаԥақәа апап ианиԥшьа ашьҭахь, аҩнынтәи адәылгара иҭахӡам, аха шықәсқәак раԥхьа Аҟәа цәыргақәҵак аҿы Гагратәи алицеи-интернат данҭаз, арҵаҩцәа ирҭаз аҳәарала иӡыригеит. Уи нахыс Давид Џьниа аныхачаԥақәа рыҩра дышрызҟазоу здырыз рацәаҩхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0