Аҿагыларатә акциа аҟынтәи ажәыларахь: аоппозициаа рмитинг

© SputnikШтурм администрации президента
Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 9 рзы аоппозициаа рыдгылаҩцәа Аԥсны ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9– Sputnik. Асааҭ 13:00 рзы аҿагыларатә акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Дара азыԥшын Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара иҟанаҵараны иҟаз алкаақәа.

Аилатәара хыртын асааҭ 12:00 рзы.

Асааҭ 13:15 рзы зықьҩык инарзынаԥшуа акциа алахәылацәа ахада Иусбарҭа ахыбра аҿаԥхьаҟа ииасит.

Аоппозициаа дҵаны иҟарҵоит Рауль Ҳаџьымба иалхра еиҭахәаԥштәуп ҳәа.

Асааҭ 13:30 рзы акциа алахәылацәа ахыбра иажәланы ашәқәа ҿырхит, аԥенџьырқәа рсаркьақәа ԥырыҽҽит, ахыбра аҩныҵҟагьы аҩналара иалагеит.

Асааҭ 14:30 рзы ахыбра иҩналеит. Убри аан урҭ аҳәара рырҭон амазара иаламкьысырц, аԥхасҭа ҟарымҵарц.

Асааҭ 15:00 рзы амитинг алахәылацәа ахыбра рнапахьы иааргеит. Абри ашьҭахь амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәа русзуҩцәеи реиҿагылара еиқәтәеит.

Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа Апарламент аҿы еизеит иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0