Апарламент адепутатцәеи Рауль Ҳаџьымбеи аицәажәара мҩаԥыргоит

© SputnikЭкстренное заседание депутатов парламента
Экстренное заседание депутатов парламента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа иалахәын зықьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра. Рауль Ҳаџьымба аҳәамҭа ҟаиҵеит иахәҭаны иҟалар иҷыдоу аҭагылазаашьа ҳтәыла алагалахоит ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутатцәа Леонид Чамагәуа, Илиа Гәниа, Инал Ҭарба, Дмитри Гәынба, Алхас Џьынџьал атәыла ахада дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь инеиит иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Обращение Рауля Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: иаҭахханы иҟалозар атәылаҿ иҷыдоу аҭагылазаашьа алагалахоит

Уажәазы ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа ҭынчроуп, аха ахыбра аҩныҵҟа иҩналаз аоппозициаа рхаҭарнакцәа мап ацәыркуеит уи ааныжьра.

Иахьа имҩаԥган Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара. Иара убасгьы адепутатцәа еизеит иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы. Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа аилатәара анымҩаԥысуаз ихы хәарҭамкәа ибеит, уи ацхыраара ласы ала ахәышәтәырҭахь дыргеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0