Адепутатцәа ахада имаҵура шьҭеиҵаразы ақәҵара рыдыркылеит

© SputnikЭкстренное заседание депутатов парламента
Экстренное заседание депутатов парламента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 9 рзы атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа аоппозициаа рмитинг мҩаԥысит. Амитинг алахәылацәа атәыла ахада инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа ҟарҵеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәа шьҭеиҵарц азы.

Абри азы рыбжьы рҭиит 19-ҩык адепутатцәа, ԥшьҩык аҿагылеит, аӡәы иҽацәхьеикит.

Уаанӡа адепутатцәа Рауль Ҳаџьымба иҟынӡа инаргеит амитинг алахәылацәа рҭахрақәа.

Атәыла ахада амитинг алахәылацәа рыдҵа дазыӡырҩит аха аҭак аҟаҵара дшазыхиам иҳәеит. Иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара дшазхәыцуа.

Аоппозициаа рыдгылаҩцәа, иаҳхысыз атәыла ахада иалхра алҵшәақәа иашам ҳәа иԥхьаӡаны Аҟәа еизеит ажьырныҳәа 9 рзы. Акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Аамҭақәак рышьҭахь еизаз атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит.

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Ахада Иусбарҭа ажәлареи, Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵақәеи: амитинг алкаақәа

Иара убри аамҭазы, ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара хацнаркит ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала.

Аилатәара далахәын – Алхас Кәыҵниа.

Азашшҩы иинтересқәа лыхьчоит адукат Инга Габилаиаԥҳа, аҭакҟаҵаҩ иинтересқәа рыхьчоит азиндырыҩ Гиви Габниа, адукат Марина Ҭаниаԥҳа, адукат Кристина Габелиаԥҳа, азиндырыҩ Дмитри Шамба.

Ахашшааратә комиссиа иалахәын аӡбаҩцәа: Темур Ҭарба, Роман Кәарҷиа, Лиа Адлеиаԥҳба.

Убри аамҭазы, асааҭ 13:00 рзы аҿагыларатә акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Дара азыԥшын Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара иҟанаҵараны иҟаз алкаақәа.

Аилатәара хыртын асааҭ 12:00 рзы.

Асааҭ 13:15 рзы зықьҩык инарзынаԥшуа акциа алахәылацәа ахада Иусбарҭа ахыбра аҿаԥхьаҟа ииасит.

Аоппозициаа дҵаны иҟарҵоит Рауль Ҳаџьымба иалхра еиҭахәаԥштәуп ҳәа.

Асааҭ 13:30 рзы акциа алахәылацәа ахыбра иажәланы ашәқәа ҿырхит, аԥенџьырқәа рсаркьақәа ԥырыҽҽит, ахыбра аҩныҵҟагьы аҩналара иалагеит.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа акциа алахәылацәа рахь днеиит

Асааҭ 14:30 рзы ахыбра иҩналеит. Убри аан урҭ аҳәара рырҭон амазара иаламкьысырц, аԥхасҭа ҟарымҵарц.

Асааҭ 15:00 рзы амитинг алахәылацәа ахыбра рнапахьы иааргеит. Абри ашьҭахь амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәа русзуҩцәеи реиҿагылара еиқәтәеит.

Алхас Кәыҵниа аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭо иҳәеит аус аҭышәныртәалара адепутаттә корпус адыԥхьалатәуп ҳәа.

"Аҭагылазаашьа ҳампыҵҟьар ҳҳәынҭқарра ҳцәыӡыр алшоит. Уи ҟалашьа амам. Адепутатцәа ргәаанагра рҳәароуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа Апарламент аҿы еизеит иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Рауль Ҳаџьымба иааинырсланы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иаҭахханы иҟалозар аатәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит ҳәа.

Атәыла ахада ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭынчра аадырԥшырц.

"Аконституциа агарантк иҳасаб ала аҭагылазаашьа азинтә шьаҭа иацәхьамҵырц азы иахәҭаны иҟоу анапынҵақәа зегь ҟасҵахьеит. Имариам абри аҭагылазаашьа аан ҳара ахынкылара ааҳарԥшыроуп, ҳҳәынҭқарра аҵшәаара алаҳмыршароуп", - иҳәеит иара.

Асааҭ 19:00 рзы аоппозициатә мчрақәа рблок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа Аҟәаҟа дааит. Иара ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз рахь днеиит.

Амитинг алахәылацәа уи напеинҟьарала иԥылеит.

Уажәазы ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа ҭынчроуп, аха ахыбра аҩныҵҟа иҩналаз аоппозициаа рхаҭарнакцәа мап ацәыркуеит уи ааныжьра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0