Атәылахьчара аминистрра Очамчыра араион аҿы аԥсаатәқәа рҭахара ишалакым рҳәеит

© Foto / Владимир ГончарМертвые нырки
Мертвые нырки  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекологиаз аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа радио Sputnik амҩаԥгаҩ даниҿцәажәоз иазгәеиҭеит аԥсаатә рҭахара арратә ҽазыҟаҵарақәа ирыдҳәалазар ҟалоит ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Очамчыра араион аҿы аԥсаатәқәа рҭахара арратә ҽазыҟаҵарақәа ирхарам, абри атәы рҳәеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзураҟны.

"Аԥсны атәылахьчара аминистрра ари араион иахьаҵанакуа аҵыхәтәантәи ашықәсбжаз аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргомызт", - ҳәа арбоуп аҳәамҭаҟны.

Асоциалтә ҳақәа рҟны иӡырган Аалӡга аӡиас ахықәаҿ иԥсны икажьыз аԥсаатә рфотосахьақәа. Ахархәаҩцәақәа ргәаанагарала аԥсаатә рҭахара зыхҟьаз Очамчыра аус зуа аԥсыӡаусеиҭадулараз азауад ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0