Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иахәаԥшуа аӡбаҩцәа реилазаара шьақәыргылоуп

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Верховного суда РФ в Москве
Здание Верховного суда РФ в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟоуп аӡбаҩцәа: Лиа Адлеиаԥҳа, Екатерина Онишьенко, Ҭеимыр Ҭарба (ахантәаҩы).

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Екатерина Онишьенко ахашшааратә инстанциа аӡбаҩцәа реилазаара далагалоуп уи аилазаараҟынтәи ажьырныҳәа 9 рзы адукат Инга Габелаиаԥҳа лыдҵала аӡбаҩ Роман Кәарҷиа даналгаха ашьҭахь.

Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит.

Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит.

Здание Верховного суда Абхазии перед началом заседания, 17 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра Роман Кәарҷиа далахәхаӡом

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан.

Убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭак ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0