Аԥсны афинансқәа рминистрра: атәылауаа атәанчахәи аулафахәи рыҭаразы ԥынгылак ыҟам

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМужчина с полученной пенсией
Мужчина с полученной пенсией  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба аполитикатә кризис аан аминистрра аус шауа атәы далацәажәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. Акциақәа рымҩаԥысра инадҳәаланы Аԥсны атәылауаа атәанчахәи аулафахәи рыҭаразы ԥынгылак ыҟам, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.

"Аиашазы, иацгьы иахьагьы афинанстә операциақәа ԥкуп. Ареспубликатә биуџьет азы азакәан инақәыршәаны, иара амчра аиуеит атәыла ахада инапы анаҵеиҩ инаркны, ма ахада Иусбарҭахь ашәҟәқәа аннагаха инаркны, жәамш рышьҭахь", - иҳәоит иара.

Аԥсны аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа

Ареспубликатә биуџьет азы азакәан амчра аиуеит ажьырныҳәа 11 инаркны.

"Ари иаҳнаҭоит алшара афинанстә шықәс алагаразы. Акциақәа рымҩаԥысра инадҳәаланы ауааԥсыра атәанчахәқәеи аулафахәқәеи рыҭара ԥынгылак аиуам. Зегьы ишьақәырӷәӷәо аграфик инақәыршәаны имҩаԥгахоит аштаттә режимла", - азгәеиҭеит афинансқәа рминистр.

Ԥхынҷкәынмзатәи аулафахәы ашықәс анҵәамҭазззы ишәан. Актәи аулафахәы абиуџьет аусзуҩцәа ирызшәахоит жәабран алагамҭазы ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

"Урыстәылатәи атәанчахәы акәзар уаанӡатәи аграфик иақәыршәаны ишәахоит. Аԥсуа тәанчахәы акәзаргьы уаанӡатәи аграфик ала ашәарақәа мҩаԥгахоит", - иҳәоит иара.

Аполитикатә ҭагылазаашьа акәзар дарбанызаалак атәылауаҩ агәҭынчымра изцәырнамгарц залшом ҳәа азгәеиҭоит Нанба.

"Аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы аиҳабыра аштаттә режим ала аус руеит", - иҳәоит иара.

Атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны русура аанкылоуп ахада Иусбарҭеи Аминистрцәа реилазаареи раппаратқәа.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан.

Убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.

Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммад Кьылба - Sputnik Аҧсны
Кьылба амч ахархәаразы: усеиԥш агәҭакы ыҟам, аха иҟалар алшоит

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭак ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0