Аҟәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу: аҿагыларатә акциа аҩбатәи амш

© SputnikСитуация у администрации президента
Ситуация у администрации президента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымшуп Аԥсны аҿагыларатә акциа мҩаԥысуеижьҭеи. Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа Аиҳабыра рхыбра аҿаԥхьа, Лакоба имҩаҟны еизеит. Дара ирхықәку иҟоу аҭагылазаашьа ахәшьара аҭароуп, атәыла ахада ишидгыло ирбароуп.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Ажьырныҳәа 9-10 ауха иаашаанӡа аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа игылан. Шьыжьнаҵы аҭагылазаашьа ҭынчын.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр далацәажәоит амилициа русура арежим ҷыда - Sputnik Аҧсны
Смыр: амчреи аоппозициеи рыдгылаҩцәа реиҿанагалара алмыршароуп

Ахада Иусбарҭа акәша-мыкәша иҷаԥшьон амилициа аусзуҩцәеи аҟәша ҷыдақәа русзуҩцәеи.

Амитинг иалахәыз руаӡәк ацхыраара ласы изаԥхьеит, ҩыџьа ауаа ибаргәым ахәрақәа роуит ҳәа азгәарҭеит Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы.

Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иазгәарҭеит Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа аилатәараан ишьақәыӷәӷәара халаны Ареспубликатә хәышәтәырҭахь дышнагаз.

Ахада Иусбарҭа акәша-мыкәша иҷаԥшьоит амилициа аусзуҩцәеи аҟәша ҷыдақәа русзуҩцәеи ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр.

Иара иажәаәқа рыла азинхьчаратә усбарҭақәа ирыдҵа хаданы иҟоу амчра адгылаҩцәеи аоппозициа адгылаҩцәеи реиҿанагалара алмыршароуп.

"Ҳара ҳусзуҩцәа рнапынҵақәа нарыгӡоит. Азинхьчаратә усбарҭақәа ирыдҵа хаданы иҟоу амчра адгылаҩцәеи аоппозициа адгылаҩцәеи реиҿанагалара алмыршароуп", - иҳәоит аминистр.

Ашьыжь ақалақь агәаҿы ахысбыжьқәа гон, аха Раули Смыр иҳәеит ахада Иусбарҭа ааигәара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа.

Ажьырныҳәа 10 асааҭ 8:15 рзы зусурахь иааз Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба уа игылаз иусурҭатә ҭыԥ ахь днармышьҭит. Иара игәаанагарала иазиԥхьаӡоит азинеиҿкаара ҟаларц азы аицәажәара аҭахуп ҳәа.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иазгәеиҭеит аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит аха ихарҭәаамкәа ҳәа.

"Аминистрцәа реилазаара еиҿнакаауеит аҳәынҭқарратә ԥсҭазаара шьаҭас иамоу аусурақәа зегьы: аенергетика, аимадара, атранспорт, аус руеит ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа", - иҳәеит иара.

Аштаттә режим ала русура мҩаԥыргеит ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа. Урҭ шьыжьнаҵы Аусбарҭа ахыбра акәша-мыкәша дрыцқьеит.

Амчратә ус

Аԥсны ахада Иусбарҭа аанкыланы измоу амч ахархәарала уахьынтәи рдәылгара гәҭакны иҟам, аха ус шакәугьы аҭагылазаашьа абри амҩала идәықәлар алшоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммед Кьылба.

"Ҳара ҳзы аҵак ду аманы иҟоуп ауснагӡатә ҷыдақәа раан ахыбра аҩныҵҟа иҟоу ауаа кьыс рмоурц. Ҳара ишаадыруала уа 250-300-ҩык рҟынӡа ауаа ыҟоуп. Азинмчратә органқәа дҵаны ирымоу адәахьынтә уахь аӡәгьы инамышьҭроуп аидыслара ҟамларц", - иҳәеит иара.

Иара иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак аҿы ишырдыруа ахада Иусбарҭа акабинетқәа рышәқәа шыԥҽу, абџьар зыҩноу ауадагьы шаарту. Аиҿцәажәара мҩаԥысуеит абџьар архынҳәразы. Хә-цырак абџьар дырхынҳәхьеит.

Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммад Кьылба - Sputnik Аҧсны
Кьылба амч ахархәаразы: усеиԥш агәҭакы ыҟам, аха иҟалар алшоит

Амч ахархәара аганахь ала Кьылба иҳәеит акциа алахәылацәа рхымҩаԥгашьеи аиҿцәажәарақәа рцашьеи ишырхьырԥшу иҟало аҭагылазаашьа.

"Ахада ар ркомандаҟаҵаҩ иоуп. Иара иоуп аӡбра хадагьы здызкыло. Ажәылара ҳагәҭакызҭгьы ашамҭаз имҩаԥаагар ҟалон, аха усеиԥш гәҭакы ыҟам", - иҳәеит Кьылба.

Амитинг аиҿкааҩцәа ируаӡәку Ахра Аҩӡба иаҿаԥиҽит Кьылба ахада Иусбарҭаҟынтәи абџьар ӷьычуп ҳәа ииҳәаз.

Асааҭ 13:00 рзы Ауаажәларратә палата аҳәамҭа ҟанаҵеит атәыла ахадеи аоппозициаа рхадацәеи рахь аделегациа нарышьҭырц шрыгәҭаку азы аиҿааагггылара аҭышәныртәалараз.

Аԥсны амчратә еилазаарақәа рҟынтәи ахаҿы Sputnik адырра аиҭеит ажьырныҳәа 10 рзы Аԥсныҟа даараны дыҟоуп Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рашид Нургалиев ҳәа.

Амчра адгылара, аӡбарҭа

Асааҭ 12:30 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбра аҿаԥхьа еизеит Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа.

10 января собрались и сторонники действующего президента Рауля Хаджимба.  - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа Аиҳабыра рыҩны аҿаԥхьа еизеит

Асааҭ 13:00 рзы еизаз рахь днеиит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.

Иара иҳәеит асааҭ 15:00 рзы амитинг ҟалоит ҳәа.

Иара убри аамҭазы иазыԥхьагәаҭан ахашшааратә инстанциа аилатәарагьы.

Иарбаз аамҭазы аӡбара хдыртит аӡбаҩцәа: Темур Ҭарба, Екатерина Онишьченко, Лиа Адлеиԥҳа. Аилатәарахь иааиит Алхас Кәыҵниа, адукат Инга Габилаиаԥҳа, апрокурорцәа Даур Амҷба, Елена Чытанааԥҳа. Ашшыԥхьыӡ ахәаԥшрахь имнеиӡеит аҭакҳәаҩ ихаҭарнакцәа: Кристина Габелиаԥҳа, Марина Ҭаниаԥҳа, Дмитри Шамба, Гиви Габниа, Валери Агрба.

Ажәабжьқәа зегьы
0