Ҳаџьымба ипресс-маҵзура Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахҳәаа азыҟанаҵеит

© SputnikҲаџьымба ипресс-маҵзура Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахҳәаа азыҟанаҵеит
Ҳаџьымба ипресс-маҵзура Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахҳәаа азыҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ашшыԥхьыӡ қәыӷәӷәарак аимукәа ианахәаԥшлак ауп атәылаҟны аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аналшо ҳәа рыԥхьаӡоит Рауль Ҳаџьымба ипресс-маҵзураҿы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа азакәанԥҵара еилаганы ирыдыркылеит, уи ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәыр алшоит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура.

"Ари аӡбамҭа рыдыркылеит аиҳабыратә хыбрақәа анеиларыжьуаз, ахада Иусбарҭа анааныркылаз, Иреиҳаӡоу аусбарҭа ахыбра иакәшаны ианыркыз аҭагылазаашьақәа раан. Абри аҩыза ақәыӷәӷәараан Иреиҳаӡоу аусбарҭа аобиективтә ӡбамҭа аднаклар алшон ҳәа узҳәом", - аҳәоит адырраҭараҟны.

Иара убас иазгәаҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа Апрезидиум ахь ахәаԥшразы ишахашшаахо, избанзар уи рыдыркылеит аус зуа азакәанԥҵара ӷәӷәала еилаганы.

Уаанӡа азиндырҩы Гиви Габниа Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо, иҳәахьан ари аӡбамҭа ашьҭахь иҟалар зылшо аҭагылазаашьа атәы.

Азиндырҩы иҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа анымҩаԥысша аҿҳәара - Sputnik Аҧсны
Азиндырҩы иҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа анымҩаԥысша аҿҳәара

Ахәаша, ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә инстанциа ҭагалан имҩаԥысыз Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәеи аӡбарҭа актәи аинстанциа аӡбареи закәаным ҳәа иазханаҵеит, Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны ишьақәыргылоу аҿҳәара иҭагӡаны ахада иалхрақәа реиҭамҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылеит. 

Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла цәыббра 8 аҽны имҩаԥгаз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит.

Судейский молоток и весы Фемиды - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны ахада иалхрақәа рылҵшәақәа закәаным ҳәа иазханаҵеит

Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбара дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ алеиҵеит.

Ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы имҩаԥысуан ахашшараратә инстанциа аилатәара, алхрақәа рылкаақәа рганахьала Алхас Кәыҵниа инеишьҭыз ашшыԥхьыӡ инамаданы. Азашшҩы идукат Инга Габелаиаԥҳа лзыҳәа дақәшаҳаҭхеит аӡбаҩ Ҭемыр Ҭарба, уи инамаданы  ахәаԥшра аӡбаҩ Роман Кәарҷиа далахәхом ҳәа аусԥҟа рыдыркылеит. 

Ажьырныҳәа 10 рзы  Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Екатерина Онишьенко ахашшааратә инстанциа аӡбаҩцәа реилазаара далагалан. 

Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иахәаԥшон аӡбаҩцәа: Лиа Адлеиаԥҳа, Екатерина Онишьенко, Ҭемыр Ҭарба (ахантәаҩы).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0