Ҳаџьымба идгылаҩцәа Аҳәынҭфилармониаҿы еизоит

© SputnikҲаџьымба идгылаҩцәа афилармониаҿы еизоит
Ҳаџьымба идгылаҩцәа афилармониаҿы еизоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хымшуп аҿагыларатә акциа иалҵшәаны Аԥсны ахада Иусбарҭа ахыбра аанызкылаз аоппозициаа рхаҭарнакцәа уахь уаҩ дыҩнармыжьлоижьҭеи.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа еизараны иҟоуп Аԥснытәи афилармониа ахыбраҿы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.

"Иацы асааҭ 11:00 инаркны ауаа аизара иалагахьан. Уажәы дара афилармониа ахыбраҿы еизарц рыӡбеит. Ҳара аамҭа-аамҭала аинформациа раҳҭалоит", - иҳәеит Аршба.

Иара иазгәеиҭеит ауаа реизаразы аамҭак алкааны ишарбам.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Акциа аиҿкааҩцәа иазгәарҭоит абри аҩыза аҭагылазаашьахь икылызгаз аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа шакәу. Ауаа агәҭынчымра ду рнаҭоит ареспубликаҿы иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьа.

Бжьаниа Аԥсны аԥыза-министр иԥылара ашьҭахь: аполитикатә еибарххара аанкылахоит - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсны аԥыза-министр иԥылара ашьҭахь: аполитикатә еибарххара аанкылахоит

Ажьырныҳәа 10 рзы акциа иацҵан. Арахь иааит Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәагьы. Асааҭ 15.00 рзы иазыԥхьагәаҭан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара.

Аӡбара аилатәара аадыртит аӡбаҩцәа: Ҭемыр Ҭарба, Екатерина Онишьенко, Лиа Адлеиԥҳа. Аилатәарахь иааит Алхас Кәыҵниа, адукат Инга Габилаиаԥҳа, апрокурорцәа Даур Амҷба, Елена Ҷыҭанааԥҳа. Ашшыԥхьыӡ ахәаԥшрахь имнеиӡеит аҭакҳәаҩ ихаҭарнакцәа: Кристина Габлиаԥҳа, Марина Ҭаниаԥҳа, Дмитри Шамба, Гиви Габниа, Валери Агрба.

Азиндырҩы иҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа анымҩаԥысша аҿҳәара - Sputnik Аҧсны
Азиндырҩы иҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа анымҩаԥысша аҿҳәара

Быжь-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Алхас Кәыҵниа аӡбарҭа актәи аинстанциа ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур закәантәуп ҳәа иаднакылаз аӡбаразы иашшыԥхьыӡ нанагӡеит.

Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аӡбарҭаҟны аҭакҟаҵаҩ АКХ ахаҭарнак Гиви Габниа.

Азакәан инақәыршәаны, алхра ҿыцқәа мҩаԥганы ахада ҿыц далырхаанӡа азакәан инақәыршәаны Рауль Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа наигӡалар шакәу.

Акциа алахәылацәа ракәзар, аимпра рыгәҭакым Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа мап рцәикаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0