Бжьаниа Аԥсны аԥыза-министр иԥылара ашьҭахь: аполитикатә еибарххара аанкылахоит

© SputnikБжьаниа Аԥсны аԥыза-министр иԥылара ашьҭахь: аполитикатә еибарххара аанкылахоит
Бжьаниа Аԥсны аԥыза-министр иԥылара ашьҭахь: аполитикатә еибарххара аанкылахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоппозициаа раԥхьагыла, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Аслан Бжьаниеи Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганбеи иареи реиԥылара мҩаԥысит асабша, ажьырныҳәа 11 атәыла Апарламент ахыбраҿы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Ҳреспубликаҿы аполитикатә еилаҩеиласра аанкылахоит иҳәеит аоппозициаа раԥхьагыла Аслан Бжьаниа аԥыза-министр Валери Бганбеи иареи реиԥылара ашьҭахь, абри атәы ааицҳауеит Sputnik акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

"Аԥыза-министри сареи ҳаиԥылараан ҳаилибакааит, ҳрылацәажәеит аҭагылазаашьа ҭышәынзыртәалаша азҵаарақәа жәпакы. Сара излазбаз ала, Бганба урҭ рыӡбара дазыразуп", - иҳәеит Бжьаниа.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Акциа аиҿкааҩцәа иазгәарҭоит абри аҩыза аҭагылазаашьахь икылызгаз аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа шакәу. Ауаа агәҭынчымра ду рнаҭоит ареспубликаҿы иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьа.

Ажьырныҳәа 10 рзы акциа иацҵан. Арахь иааит Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәагьы. Асааҭ 15.00 рзы иазыԥхьагәаҭан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара.

Судейский молоток и весы Фемиды - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны ахада иалхрақәа рылҵшәақәа закәаным ҳәа иазханаҵеит

Аӡбара аилатәара аадыртит аӡбаҩцәа: Ҭемыр Ҭарба, Екатерина Онишьенко, Лиа Адлеиԥҳа. Аилатәарахь иааит Алхас Кәыҵниа, адукат Инга Габилаиаԥҳа, апрокурорцәа Даур Амҷба, Елена Ҷыҭанааԥҳа. Ашшыԥхьыӡ ахәаԥшрахь имнеиӡеит аҭакҳәаҩ ихаҭарнакцәа: Кристина Габлиаԥҳа, Марина Ҭаниаԥҳа, Дмитри Шамба, Гиви Габниа, Валери Агрба.

Быжь-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Алхас Кәыҵниа аӡбарҭа актәи аинстанциа ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур закәантәуп ҳәа иаднакылаз аӡбаразы иашшыԥхьыӡ нанагӡеит.

Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аӡбарҭаҟны аҭакҟаҵаҩ АКХ ахаҭарнак Гиви Габниа.

 

Азакәан инақәыршәаны, алхра ҿыцқәа мҩаԥганы ахада ҿыц далырхаанӡа азакәан инақәыршәаны Рауль Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа наигӡалар шакәу.

Акциа алахәылацәа ракәзар, аимпра рыгәҭакым Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа мап рцәикаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0