Аиҿцәажәара ада ԥсыхәа ыҟам: аполитолог аԥснытәи акризис алҵшьазы

© SputnikСитуация у здания администрации президента
Ситуация у здания администрации президента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аполитолог, Москватәи акультура аинститут адоцент Артур Атаев Аԥсны иҟоу аполитикатә кризис ахҳәаа аиҭеит, далацәажәеит уи алҵшьас иамо ҳәа ииԥхьаӡо.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Аԥсны аҭыԥ змоу аполитикатә кризис аҳәынҭқарра аизҳара иатәуп. Абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аполитолог, Москватәи акультура аинститут адоцент Артур Атаев.

Входные двери в здание парламента  - Sputnik Аҧсны
Аҿар рреволиуциа, мамзаргьы зегьы ирҭахуп агәҭаны аиара

"Аԥсуа ҳәынҭқарра – Асовет еидгыла аҵакыраҿы иҟаз рҟынтә еиҳа иқәыԥшу акоуп. Аполитикатә системагьы шьақәымтәац. Иахьа ҳара иаабоит аҳәынҭқарреи аполитикатә системеи реизҳара. Акризис акәзар ибзиоу амҩахь еиԥш ибааԥсу амҩахьгьы икылсыр ҟалоит. Аганқәа ачҳара рзаарԥшыр, аиҿцәажәара рылшар – ари аизҳара иамҩахоит", - иҳәеит иара.

Аполитолог игәаанагарала аполитикатә кризис зыхҟьаз, аофициалтә мчрақәеи аоппозициатә мчрақәеи реизыҟазаашьа ахьҭышәныртәалам ауп.

"Ҳаџьымба ианаамҭаз илшазҭгьы аоппозициаа рнырра аформат ашьақәыргылара, иҟоугьы ҟалаӡомызт", - иҳәоит иара.

Атаев иара убасгьы акризис амзызқәа ируакны ишьоит иахьатәи анапхгара акризис аҟалара ахьазаԥхьагәарымҭоз.

"2014 шықәсазтәи ахҭысқәа шьаҭас иганы ари иазыԥшызар рылшон. Асоциалтә ҳақәа рҟныҵәҟьа џьара ак ҟамлар шамуаз убартә иҟан" - иҳәоит аполитолог.

Аполитикатә кризис иалҵшьаны аполитолог аӡбахә иҳәоит ахԥатәи ахаҿқәа алархәны иахьатәи амчреи аоппозициеи реицәажәара, реинырра. Атаев игәаанагарала Аԥсны иҟам ажәлар анырра рызҭаша уаажәларратә институтк.

"Иҟоу амчрақәа рыдагьы ауаажәларратә институт аҭахуп. Ауаажәларратә палата усеиԥш аҟалара алымшеит. Ауаажәларатә институт ыҟазҭгьы иҟаларын аҿагылара аҽа формак аанахәар. Иахьазы рацәак иҟам ажәлар рыхәҭа аполитикатә ҭагылазаашьа ашьақәҟьара рылдыршоит" - иҳәеит иара.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа.

Акциа аиҿкааҩцәа иазгәарҭон абасеиԥш ахь икылызгаз аҵыхәтәантәи ахәышықәса рыҩныҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа шакәу.

Ажьырныҳәа 10 рзгьы акциа иацҵан. Иара убри амш аҽны, асааҭ 12:30 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбра аҿаԥхьа еизеит Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа.

Ҭамаз Гогьиа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ ахантәаҩы: аӡбарҭа иаӡбаз нагӡатәуп, ҳгәаанагара иахьмырԥшкәа

Асааҭ 13:00 рзы еизаз рахь днеиит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.

Иара убри аамҭазы иазыԥхьагәаҭан ахашшааратә инстанциа аилатәарагьы.

Аӡбара хдыртит аӡбаҩцәа: Темур Ҭарба, Екатерина Онишьченко, Лиа Адлеиԥҳа. Аилатәарахь иааиит Алхас Кәыҵниа, адукат Инга Габилаиаԥҳа, апрокурорцәа Даур Амҷба, Елена Чытанааԥҳа. Ашшыԥхьыӡ ахәаԥшрахь имнеиӡеит аҭакҳәаҩ ихаҭарнакцәа: Кристина Габелиаԥҳа, Марина Ҭаниаԥҳа, Дмитри Шамба, Гиви Габниа, Валери Агрба.

Асааҭ 21:40 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Алхас Кәыҵниа аӡбарҭа актәи аинстанциа ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур закәантәуп ҳәа иаднакылаз аӡбаразы иашшыԥхьыӡ нанагӡеит.

Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аӡбарҭаҟны аҭакҟаҵаҩ ихаҭарнак Гиви Габниа.

Габниа иажәақәа рыла, азакәан инақәыршәаны ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа амч аиуеит уи анрыларҳәа инаркны.

Абри ашьҭахь Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа азакәанԥҵара еилаганы ирыдыркылеит, уи ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәыр алшоит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура.

Иара убас иазгәаҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа Апрезидиум ахь ахәаԥшразы ишахашшаахо, избанзар уи рыдыркылеит аус зуа азакәанԥҵара ӷәӷәала еилаганы.

Аԥсны АКХ ажьырныҳәа 13 рзы ирыланаҳәараны иҟоуп алхра ҿыцқәа ррыцхә.

Ахада ҿыц далхны аҭоубашьҭаҵара мҩаԥигаанӡа атәыла ахада инапынҵақәа неигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0