Нургалиев ибжьаҟазареи амитинг алахәылацәа рультиматуми

© SputnikШтурм администрации президента
Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа иазханаҵеит ҭагалан имҩаԥысыз атәыла ахада иалхрақәа рзы Аԥсны АКХ аихшьаалақәа иашамызт ҳәа. Абри алагьы иазыӡбоуп аиҭалхрақәа рымҩаԥгара.

Акциатә ҿагыларақәа ахԥатәи рымш шымҩаԥысыз Sputnik аматериал аҿы.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Аамҭақәак рышьҭахь еизаз неит атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь. Ауаа агәҭынчымра рнаҭоит атәылаҿы иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьа бааԥсы, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ишахәаԥшуа.

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Аоппозициаа рыдгылаҩцәа ахада Иусбарҭа ахыбрахь иҩналеит

Амш ашьыбжьон инахыҳәҳәахьаны Аҟәа аҿагыларатә акциақәа ирылахәыз Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба имаҵура аанижьразы адҵа ықәзыргылаз ауаа амч ахархәарала ахада Иусбарҭа ахыбра рнапахьы иааргеит, актәи аихагылаҿы ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны, акабинетқәа хыла-гәыла еилажьны.

Рауль Ҳаџьымба иааинырсланы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иаҭахханы иҟалозар, атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит ҳәа.

Атәыла ахада ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭынчра аадырԥшырц.

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны Апарламент адепутатцәа Леонид Чамагәуа, Илиа Гәниа, Инал Ҭарба, Дмитри Гәынба, Алхас Џьынџьал атәыла ахада дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь инеит иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Экстренное заседание депутатов парламента  - Sputnik Аҧсны
Апарламент адепутатцәеи Рауль Ҳаџьымбеи аицәажәара мҩаԥыргоит

Асааҭ 19:40 рзы аделегатцәа Апарламент ахь ихынҳәит. Атәыла ахада амитинг алахәылацәа рыдҵа дазыӡырҩит, аха аҭак аҟаҵара дшазыхиам иҳәеит. Иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара дшазхәыцуа.

Иара убри амш азы Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәа шьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Подведение итогов президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба ипресс-маҵзура Апарламент ақәҵаразы: атәылаҿы аҭагылазаашьа еицәанатәуеит

Аҳәамҭаҿы иара убасгьы иазгәаҭоуп аоппозициаа рхаҭарнакцәа изныкымкәа ишазгәарҭахьаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра ҳазыԥшуеит ҳәа.

"Аӡбарҭаҿы рҭахрақәа лҵшәа шырмоуаз дыруа, дара ирыӡбеит арадикалтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Азеиԥшмилаҭтә ҳәоуеиқәшәара алыршаразы Ҳаџьымба иазиԥхьаӡоит азҵаарақәа зегьы еиҿцәажәарыла ирылацәажәатәуп ҳәа.

Ажьырныҳәа 9-10 ауха иаашаанӡа аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа игылан. Шьыжьнаҵы аҭагылазаашьа ҭынчын.

Ахада Иусбарҭа акәша-мыкәша иҷаԥшьон амилициа аусзуҩцәеи аҟәша ҷыдақәа русзуҩцәеи.

Амитинг иалахәыз руаӡәк ацхыраара ласы изаԥхьеит, ҩыџьа ауаа ибаргәым ахәрақәа роуит ҳәа азгәарҭеит Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы.

Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иазгәарҭеит Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа аилатәараан ишьақәыӷәӷәара халаны Ареспубликатә хәышәтәырҭахь дышнагаз.

Ахада Иусбарҭа акәша-мыкәша иҷаԥшьоит амилициа аусзуҩцәеи аҟәша ҷыдақәа русзуҩцәеи ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр.

Азинмчратә усбарҭақәа арежим ҷыда инақәыршәаны аус руеит - Sputnik Аҧсны
Азинмчратә усбарҭақәа арежим ҷыда инақәыршәаны аус руеит

Иара иажәақәа рыла, азинхьчаратә усбарҭақәа дҵа хадас ирымоу амчра адгылаҩцәеи аоппозициа адгылаҩцәеи реиҿанагалара алмыршароуп.

"Ҳара ҳуаа рнапынҵақәа нарыгӡоит. Азинхьчаратә органқәа ирыдҵа хаданы иҟоу амчра адгылаҩцәеи аоппозициа адгылаҩцәеи реиҿанагалара алмыршароуп", - иҳәоит аминистр.

Ашьыжь ақалақь агәаҿы ахысбыжьқәа гон, аха Раули Смыр иҳәеит ахада Иусбарҭа ааигәара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа.

Ажьырныҳәа 10 асааҭ 8:15 рзы зусурахь иааз Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба уа игылаз иусурҭатә ҭыԥ ахь днармышьҭит. Иара игәаанагарала иазиԥхьаӡоит азинеиҿкаара ҟаларц азы аицәажәара аҭахуп ҳәа.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иазгәеиҭеит аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа ҳәа.

СОВЕЩАНИЕ С МИНИСТРАМИ - Sputnik Аҧсны
Валери Бганба Аминистрцәа реилазаара аусура атәы далацәажәеит

"Аминистрцәа реилазаара еиҿнакаауеит аҳәынҭқарратә ԥсҭазаара шьаҭас иамоу аусурақәа зегьы: аенергетика, аимадара, атранспорт, аус руеит ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа", - иҳәеит иара.

Аштаттә режим ала русурамҩаԥыргеит ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа. Урҭ шьыжьнаҵы Аусбарҭа ахыбра акәша-мыкәша дрыцқьеит.

Аԥсны ахада Иусбарҭа аанкыланы измоу амч ахархәарала уахьынтәи рдәылгара гәҭакны иҟам, аха ус шакәугьы аҭагылазаашьа абри амҩала идәықәлар алшоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммед Кьылба.

"Ҳара ҳзы аҵак ду аманы иҟоуп ауснагӡатә ҷыдақәа раан ахыбра аҩныҵҟа иҟоу ауаа кьыс рмоурц. Ҳара ишаадыруала уа 250-300-ҩык рҟынӡа ауаа ыҟоуп. Азинмчратә органқәа дҵаны ирымоу адәахьынтә уахь аӡәгьы инамышьҭроуп аидыслара ҟамларц", - иҳәеит иара.

Иара иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак аҿы ишырдыруа ахада Иусбарҭа акабинетқәа рышәқәа шыԥҽу, абџьар зыҩноу ауадагьы шаарту. Аиҿцәажәара мҩаԥысуеит абџьар архынҳәразы. Хә-цырак абџьар дырхынҳәхьеит.

Аршба ахада Иусбарҭа иаҭоу аԥхасҭазы: изыхәҭоу аусбарҭақәа иҭырҵаароуп - Sputnik Аҧсны
Аршба ахада Иусбарҭа иаҭоу аԥхасҭазы: изыхәҭоу аусбарҭақәа иҭырҵаароуп

Амч ахархәара аганахьала Кьылба иҳәеит акциа алахәылацәа рхымҩаԥгашьеи аиҿцәажәарақәа рцашьеи ишырхьырԥшу иҟало аҭагылазаашьа.

"Ахада ар ркомандаҟаҵаҩ иоуп. Иара иоуп аӡбара хадагьы здызкыло. Ажәылара ҳагәҭакызҭгьы, ашамҭаз имҩаԥаагар ҟалон, аха усеиԥш гәҭакы ыҟам", - иҳәеит Кьылба.

Амитинг аиҿкааҩцәа ируаӡәку Ахра Аҩӡба иаҿаԥиҽит Кьылба ахада Иусбарҭаҟынтәи абџьар ӷьычуп ҳәа ииҳәаз.

Асааҭ 12:30 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбра аҿаԥхьа еизеит Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа. Асааҭ 13:00 рзы еизаз рахь днеиит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба. Иара иҳәеит асааҭ 15:00 рзы амитинг ҟалоит ҳәа.

Асааҭ 13:00 рзы Ауаажәларратә палата аҳәамҭа ҟанаҵеит атәыла ахадеи аоппозициаа рхадацәеи рахь аделегациа нарышьҭырц шрыгәҭаку азы аиҿааагылара аҭышәныртәалараз.

Иара убри аамҭазы иазыԥхьагәаҭан ахашшааратә инстанциа аилатәарагьы.

Иарбаз аамҭазы аӡбара хдыртит аӡбаҩцәа: Ҭемыр Ҭарба, Екатерина Онишьченко, Лиа Адлеиԥҳа. Аилатәарахь иааит Алхас Кәыҵниа, адукат Инга Габилаиаԥҳа, апрокурорцәа Даур Амҷба, Елена Ҷыҭанааԥҳа. Ашшыԥхьыӡ ахәаԥшрахь имнеиӡеит аҭакҳәаҩ ихаҭарнакцәа: Кристина Габелиаԥҳа, Марина Ҭаниаԥҳа, Дмитри Шамба, Гиви Габниа, Валери Агрба.Аԥсны амчратә еилазаарақәа рҟынтәи ахаҿы Sputnik адырра аиҭеит ажьырныҳәа 10 рзы Аԥсныҟа даараны дыҟоуп Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рашид Нургалиев ҳәа.

Судейский молоток и весы Фемиды - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны ахада иалхрақәа рылҵшәақәа закәаным ҳәа иазханаҵеит

Ажьырныҳәа 10 аҵх акыр инықәсхьаны Нургалиев Рауль Ҳаџьымба диԥылеит.

Ажьырныҳәа 10 асааҭ 21:40 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны ишьақәыргылоу аҿҳәара иҭагӡаны ахада иалхрақәа реиҭамҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылеит, ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа ҭагалан имҩаԥысыз Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәеи аӡбарҭа актәи аинстанциа аӡбареи закәаным ҳәа иахьазханаҵаз инамаданы.

Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны ҳәа иҳәеит аӡбарҭаҟны аҭакҟаҵаҩ ихаҭарнак Гиви Габниа.

Габниа иажәақәа рыла, азакәан инақәыршәаны ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа амч аиуеит уи анрыларҳәа инаркны.

Абри ашьҭахь Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа азакәанԥҵара еилаганы ирыдыркылеит, уи ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәыр алшоит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура.

"Ари аӡбамҭа рыдыркылеит аиҳабыратә хыбрақәа анеиларыжьуаз, ахада Иусбарҭа анааныркылаз, Иреиҳаӡоу аусбарҭа ахыбра иакәшаны ианыркыз аҭагылазаашьақәа раан. Абри аҩыза ақәыӷәӷәараан Иреиҳаӡоу аусбарҭа аобиективтә ӡбамҭа аднаклар алшон ҳәа узҳәом", - аҳәоит адырраҭараҟны.

Ҳаџьымба ипресс-маҵзура Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахҳәаа азыҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба ипресс-маҵзура Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахҳәаа азыҟанаҵеит

Иара убас иазгәаҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа Апрезидиум ахь ахәаԥшразы ишахашшаахо, избанзар уи рыдыркылеит аус зуа азакәанԥҵара ӷәӷәала еилаганы.

Акциа алахәылацәа ракәзар аимыҵра рыгәҭакым рыдҵа хада – Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа мап рцәикаанӡа. Убри аан Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит алхрақәа мҩаԥгахаанӡа Аԥсны ахада инапынҵақәа Апарламент аиҳабы инеигӡалар алшоит ҳәа.

Аоппозициа рхада, Жәлар Реизара адепутат Аслан Бжьаниеи Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганбеи реиԥылара мҩаԥысит асабша, ажьырныҳәа 11 рзы.

Аоппозициа рхада, Жәлар Реизара адепутат Аслан Бжьаниеи Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганбеи реиԥылара ашьҭахь Бжьаниа акризис ҳахысып ҳәа агәыӷра ыҟоуп ҳәа иҳәеит.

Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура адыррала Бганбеи Бжьаниеи реиԥылара иалҵшәоуп Аиҳабыра, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, Аминистрцәа Реилазаара аппарат русура еиҿкаахароуп ҳәа аиқәшаҳаҭра.

Бжьаниа Аԥсны аԥыза-министр иԥылара ашьҭахь: аполитикатә еибарххара аанкылахоит - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсны аԥыза-министр иԥылара ашьҭахь: аполитикатә еибарххара аанкылахоит

Аԥсны АКХ ахада иалхра арыцхә ашәахьаҽны, ажьырныҳәа 11 рзы ирыланаҳәоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Алхас Кәыҵниа Ҭамаз Гогьиеи иареи реиԥылара ашьҭахь.

Алхас Кәыҵниа хаҭала Аԥсны АКХ иазнеигеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аколлегиа рыӡбамҭа, иара иажәақәа рыла аус арццакразы.

АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа аӡбамҭа Иреиҳаӡоу аӡбара ашәҟәымҩаԥгаҩ инеигар шихәҭоугьы адокумент идикылеит, АКХ аҟны иҭарҩит.

Ажьырныҳәа 11 асааҭ 14:00 рзы Апрокуратура хадеи Ашәарҭадаратә маҵзуреи алацәажәеит амассатә еиҿагылара аиҿкааҩцәа рышьақәыргыларазы русура.

Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит "Амассатә еиҿагыларақәа реиҿкаареи рылахәреи, аҳәынҭқарратә мазара аԥхасҭа аҭареи" ахәҭаҷ ала.

Аԥснытәи афилармониа ахыбраҿы еизаны иҟаз идгылаҩцәа рахь Рауль Ҳаџьымба инеишьҭит Аслана Барцыци Витали Габниеи.

Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциазы апрокуратура ашьаус хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциазы апрокуратура ашьаус хацнаркит

Атәыла ахада идгылаҩцәа рахь дзымнеиит Рашид Нургалиеви иареи реиԥылара ахьымҩаԥымсыц инамаданы ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.

Аршба иазгәеиҭеит Ҳаџьымбеи Нургалиеви реицәажәара иатема хаданы иҟоу ауаа реинҟьара алмыршароуп ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба алхра ҿыцқәа рахь анеира игәҭакуп иҳәеит уаанӡатәи ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа.

"Ахада ақәҵра игәы иҭаӡам, аха уи апроблема аӡбом. Акомпромисс аҭахуп. Абри аус иалахәуп урыстәылатәи аган", - иҳәеит иара.

Габниа иазгәеиҭеит 2014 шықәсазтәи аҭагылазаашьеи уажәтәии шеиԥшым. Усҟан аӡәгьы амчра анапахьы аагара игәҭакымызт, ирҭахыз Гал араион аҿы атәылауаҩшәҟәқәа ршара аанкыларакәын ҳәа.

Президент Абхазии Рауль Хаджимба на вечере в честь 26-летия Министерства по репатриации Абхазии, 25 марта 2019 - Sputnik Аҧсны
Витали Габниа: Ҳаџьымба алхра ҿыцқәа рахь анеира игәҭакуп

Иара убасгьы иазгәеиҭеит атәыла ахада Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҿы азашшра шигәҭаку.

Аҳәынҭфилармониаҿы еизаз асааҭ 21:00 рзы еимпит.

Аҵх абжарахьы инеихьан ахада исаит аҿы ицәырҵит аинформациа Рауль Ҳаџьымбеи Рашид Нургалиеви еиқәшәеит, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит ҳәа.

Нургалиев иара убасгьы дырԥылеит аоппозициаа рхаҭарнакцәа.

Асааҭ 01:00 рзы амитинг аиҿкааҩцәа руаӡәк, Ахра Аҩӡба Sputnik иазеиҭеиҳәеит акциа алахәылацәа ахада Иусбарҭа аанрыжьырц ргәы ишҭам иара инапынҵақәа шьҭеиҵаанӡа, АКХ алхра ҿыцқәа ррыцхә шьақәнаргылаанӡа ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0