Аслан Бжьаниа: АКХ иахьа ишьақәнаргылароуп Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә

© SputnikАслан Бжьаниа
Аслан Бжьаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иҳәахьан АКХ аилатәара ашәахьа, ажьырныҳәа 13 рзы имҩаԥысуеит ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Иахьа ашьыжь ахада Иусбарҭа ахыбрахь иааиз аоппозициатә мчрақәа рблок аиҳабы Аслан Бжьаниа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Алхратә комиссиа хада аилатәара иахьа имҩаԥысыр шакәу.

"Ауаа АКХ аҟынтәи иазыԥшуп алхрақәа рымш ашьақәыргыларазы изакәантәу аӡбамҭа рыдыркылап ҳәа. Уи Алхратә комиссиа хада аҭакԥхыкәрахь иаҵанакуеит. Ҳара уи иахьа ирыдыркылап ҳәа ҳазыԥшуп", - иҳәеит Бжьаниа.

Уи адагьы, аоппозициатә мчрақәа рблок аиҳабы инаҵшьны иазгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба алхрақәа ҟалаанӡа ахада инапынҵақәа наигӡалар шилымшо.

"Ари аҩыза агәаанагара рымоуп амитинг иалахәуи Аԥсны атәылауаа реиҳараҩыки", - иҳәеит иара.

Иажәа хыркәшо, Аслан Бжьаниа иҳәеит уажәазы зегь реиҳа ихадоу АКХ аӡбамҭа ауп, уи ашьҭахь аоппозициа "атәыла аполитикатә еибарххара алгаразы егьырҭ ашьаҿақәагьы нанагӡоит".

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Нургалиев ибжьаҟазареи амитинг алахәылацәа рультиматуми

"Ҳаџьымба иахьа инапынҵақәа шьҭеиҵоит ҳәа имыӡбар, ауаа узаанкылаӡом", - азгәеиҭеит Бжьаниа.

Аҟәа аԥшьаша, ажьырныҳәа 9 рзы аҿагыларатә акциақәа ирылагеит, аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада инапынҵақәа аанижьырц адҵа ҟарҵоит. Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа цәыббрамзазы имҩасыз ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ аӡбамҭа закәаным ҳәа иазханаҵеит.

Ҳаџьымба ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь.

Ахада иалхрақәа ҩаԥхьа имҩаԥысны ахада ҿыц инапынҵақәа дырхагылаанӡа азакәан инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа наигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.

Аха аоппозициа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа амитинг шымҩаԥнагац имҩаԥнагоит, урҭ Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа шықәдыргылац иқәдыргылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0