Бжьаниа: ахада иалхра ҿыцқәа ҟалоит хәажәкыра 21 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукБжьаниа: ахада иалхра ҿыцқәа ҟалоит хәажәкыра 21 рзы
Бжьаниа: ахада иалхра ҿыцқәа ҟалоит хәажәкыра 21 рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы ахада иалхра ҿыцқәа ррыцхә ашьақәыргыларазы аилатәара амҩаԥысра иаҿуп асабша, ажьырныҳәа 12 рзы, АКХ официалла ирыланамҳәаӡацт иаднакылаз аӡбамҭа атәы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 21, 2020 шықәса рзы, абри атәы ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз ирылеиҳәеит Аоппозициатә мчрақәа рблок аиҳабы Аслан Бжьаниа.

"Иахьа жәаминуҭк раԥхьа АКХ аилатәара аӡбамҭа аднакылеит. Хәажәкыра 21, ҳазну ашықәс азы алхра ҿыцқәа ҟалоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Иара убас, аҳәара ҟаиҵеит ауаа макьана имеимпырц, ачҳара аадырԥшырц.

Аҟәа аԥшьаша, ажьырныҳәа 9 рзы аҿагыларатә акциақәа ирылагеит, аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада инапынҵақәа аанижьырц адҵа ҟарҵоит.

Аслан Бжьаниа  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа ахада иалхра ҿыцқәа иалахәразы: нас иаабап

Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа цәыббрамзазы имҩасыз ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ аӡбамҭа закәаным ҳәа иазханаҵеит.

Ҳаџьымба ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь.

Ахада иалхрақәа ҩаԥхьа имҩаԥысны ахада ҿыц инапынҵақәа дырхагылаанӡа азакәан инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа наигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.

Аха аоппозициа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа амитинг шымҩаԥнагац имҩаԥнагоит, урҭ Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа шықәдыргылац иқәдыргылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0