АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Рауль Ҳаџьымба алхрақәа рҟынӡа ахада инапынҵақәа изынагӡаӡом лҳәеит азиндырҩы Фрида Лазԥҳа, Sputnik аинтервиу аналҭоз.
"Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара иадҳәалоу аҭагылазаашьа излаҳнарбо ала, уи алхрақәа рҟынӡа имаз инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Аконституциа излаҳәо ала, ахада имаҵура иахагылара хәышықәса ҿҳәарас иамоуп, уи аанкылахоит иалырхыз ахада иҭоубашьҭаҵара инаркны. Иара далырхит ҳәа азыԥхьаӡаны, ҭоуба шьҭеиҵеит, уи алагьы уаанӡатәи инапынҵақәа ааникылеит", - лҳәеит лара.
Аха уажәшьҭа аӡбарҭа иаднакылаз аӡбара излаҳәо ала, алхрақәа шьақәымгылаӡеит, Ҳаџьымбагьы хадас уаҳа дыҟаӡам.
"Уи иаанаго уи ауп, ахада ҿыц имаҵура дахамгылаӡеит, уаанӡатәи ахадагьы инапынҵақәа шьҭеиҵахьеит. Ахада иалхрақәа рзы ахәҭаҷ аномер хәба ишаҳә ала, алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ԥхьаӡазар, уаанӡатәи ахада инапынҵақәа наигӡалароуп. Аха Ҳаџьымба урҭ ааникылеит иҭоубашьҭаҵарала. Даҽакала иуҳәозар, ахада инапынҵақәа шьҭеиҵахьазар, урҭ анаҩс рыцҵара азин имоуп ҳәа азакәан аҟны иазгәаҭаӡам. Ари азакәани иҟалаз ахҭысқәеи ҳрыхәаԥшуазар, Ҳаџьымба инапынҵақәа изынагӡаӡом. Убри азы уи амчраҿы дыҟазар ҟалаӡом, мамзар уи амчра закәандарала иааныиклоит ҳәа иазыԥхьаӡатәуп", - азгәалҭеит Фрида Лазԥҳа.
Аха азиндырыҩцәа зегьы ргәаанагарақәа еиқәшәом. Уаанӡа Гиви Габниа иҳәахьан ҩаԥхьа иҟало ахада иалхрақәа рҟынӡа ахада инапынҵақәа наигӡалар шакәу Рауль Ҳаџьымба.
Аҟәа аԥшьаша, ажьырныҳәа 9 рзы аҿагыларатә акциақәа ирылагеит, аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада инапынҵақәа аанижьырц адҵа ҟарҵоит.
Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа цәыббрамзазы имҩасыз ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ аӡбамҭа закәаным ҳәа иазханаҵеит.
Ҳаџьымба ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь.
Ахада иалхрақәа ҩаԥхьа имҩаԥысны ахада ҿыц инапынҵақәа дырхагылаанӡа азакәан инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа наигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.
Аха аоппозициа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа амитинг шымҩаԥнагац имҩаԥнагоит, урҭ Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа шықәдыргылац иқәдыргылоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Витали Габниа: Ҳаџьымба алхра ҿыцқәа рахь анеира игәҭакуп
Бжьаниа: ахада иалхра ҿыцқәа ҟалоит хәажәкыра 21 рзы
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 478-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 62-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
65 шықәса зхыҵуаз апациент иԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны. Ахаҵа ахәышәтәырҭа дҭашәеит ажьырныҳәа 21 рзы, иара иахәҭаз ахәышәтәра дшахысуазгьы, ажьырныҳәа 22 рзы иԥсҭазаара далҵит. Изышьақәыргылан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", зыҽзыруадаҩыз ачымазара хада - "ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра".
Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ажьырныҳәа 21 ауха лыԥсҭазаара далҵит 1958 шықәса рзы ииз апациентка. Адиагноз акоронавирустә инфекциа ҿыц.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 128-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 37-ҩык, ибжьаратәуп - 34-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 26-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 58-ҩык пациент.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11096-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8943-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 157-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Сергеи Габелиа диит 1939 шықәсазы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. 1972 шықәсазы рзы Сергеи Габелиа Асахьаҭыхыҩцәа реилазаара анапхгаҩыс дахадыргылоит. Уи аусура кыршықәса даланахалоит, 20 шықәса инареиҳаны.
Сергеи Габелиа – жәлары дырсахьаҭыхҩуп. Ирҿиамҭақәа ауаа зегьы ирзааигәоуп, еилыркаауеит. Иара инапынҵақәа нижьит еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны: апортреҭ, апеизаж, абзазаратәи, аҭоурыхтә сахьақәеи рҿи.
Сергеи Габелиа иусумҭақәа ыҟоуп асахьаҭыхратә галереиаҟны, ирацәоуп иусумҭақәа аҳәаанхыҵ агалериақәа рахь иагаз, ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Сергеи Габелиа диижьҭеи 82 шықәса ҵит ажьырныҳәа 23 рзы.
Ақыҭа ԥсҭазаарахь имаз абзиабара иусумҭақәа жәпакы ирныԥшуеит. Асахьа "Аџьатә ҭаацәара".
Сергеи Габелиа диит 1939 шықәсазы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Гәыԥтәи абжьаратә школ аҿы аа-класск хыркәшаны, иҵара иациҵеит Тҟәарчалтәи абжьаратә школ No1 аҟны.
Сергеи Габелиа – жәлары дырсахьаҭыхҩуп.
Ирҿиамҭақәа ауаа зегьы ирзааигәоуп, еилыркаауеит.
Габелиа инапынҵақәа нижьит еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны: апортреҭ, апеизаж, абзазаратәи, аҭоурыхтә сахьақәеи рҿи.
"Ирацәоуп апатреҭтә жанр ала аԥсуа быргцәа нагақәа рхаҿсахьақәа иаанижьыз. Еиҳаракгьы аҿыханҵа аҟны акәын иҽахьԥишәоз, иара убасгьы ашәҟәқәа сахьала еиқәиршәон. Сергеи Габелиа аԥсуа сахьаҭыхратә ҟазараҟны иаарылҳәҳәо ҳәа иҟоу дреиуоуп. Иуаҩышьа бзиан, инакәызаалак аӡәы игәы иалсуа аҳәара иҟазшьамызт, дҩыза бзиан, даԥхьагылаҩын", - иҳәеит Сергеи Ҵәыџьба.
Сергеи Габелиа иусумҭақәа ыҟоуп асахьаҭыхратә галереиаҟны, ирацәоуп иусумҭақәа аҳәаанхыҵ агалериақәа рахь иагаз, ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу.
Асахьа "Прибалтика". Сергеи атәылақәа жәпакы дырҭаахьан.
Афон Ҿыц. Сергеи Габелиа иусумҭа.
Абырг Ҟасҭеи Арсҭаа ихаҿсахьа Сергеи Габелиа иҭыхит 1970 шықәсазы.
Многим было бы интересно видеть работы Габелия в Выставочном зале Союза Художников Абхазии, погрузиться в волнующий мир мыслей и чувств художника, которые двигали им на творческом пути.
Сергеи Михаил-иԥа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан "Ажәеиԥшьаа" ҳәа акарикатуристцәа реилазаара еиҿызкааз дреиуоуп.
"Ажара".
Сергей Габелиа иҷкәын иавтопортреҭ.
Ирацәоуп иусумҭақәа аҳәаанхыҵ агалериақәа рахь иагаз, ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу.
Сергеи Габелиа иусумҭақәа ыҟоуп асахьаҭыхратә галереиаҟны.
Ирацәоуп апатреҭтә жанр ала аԥсуа быргцәа нагақәа рхаҿсахьақәа иаанижьыз.
Сергеи Габелиа идипломтә усумҭа амҳаџьырра иазкын, уи атема дазыхынҳәауан анаҩс ирҿиараҟны.