Валери Кәарҷиа: ахада инапынҵақәа назыгӡо изы азҵаара Апарламент аҿы иҳаӡбоит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВалери Кәарҷиа: ахада инапынҵақәа назыгӡо изы азҵаара Апарламент аҿы иҳаӡбоит
Валери Кәарҷиа: ахада инапынҵақәа назыгӡо изы азҵаара Апарламент аҿы иҳаӡбоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы арзаҳал хатәгәаԥхарала инапы аҵеиҩит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иҳәеит алхрақәа рҟынӡа атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо дазусҭоу ҳәа инықәырԥшшәа ишырдыруа.

"Макьаназы ҳазхәыцуеит, аха гәаанагарақәак ҳамоуп. Зегьы азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Кәарҷиа иара убасгьы иҳәеит ажьырныҳәа 13 рзы Апарламент аҿы еиқәшәараны ишыҟоу адепутатцәа абри азҵаара аӡбразы.

Рауль Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы аҳәамҭа инапы аҵаиҩит - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы арзаҳал инапы аҵаиҩит

Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа игылаз зегьы гәахәарыла ирыдыркылеит Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵеит ҳәа ираҳаз ажәабжь.

Ԥшьымш рыҩнуҵҟа акциа иалахәу ауаа аамҭақәак раԥхьа Рауль Ҳаџьымба дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь инеит. Шәҩыла аоппозициа адгылаҩцәа атәыла ахада дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дача акәша-мыкәша еизеит, Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵа ҟаҵо.

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны уаанӡатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Апарламент ԥасатәи адепутат Сергеи Шамба амитинг алахәылацәа ирылеиҳәеит Рауль Ҳаџьымба аҭел дизасны ажәа шииҭаз ԥхьатәара дышцо азы арзаҳал инапы шаҵеиҩуа.

Тамаз Гогия  - Sputnik Аҧсны
Гогьиа алхра ҿыцқәа ирԥырхагоу азиндырратә еиқәымшәарақәа ртәы далацәажәеит

Арзаҳал инапы аҵеиҩит ҳәа Шамба абжьыҭгага ала ауаа ирылеиҳәеит. Еилагылаз уи напеинҟьарыла ирыдыркылеит.

Уаанӡа, иахьа Рауль Ҳаџьымба диԥылахьан аоппозициа ахада Аслан Бжьаниа. Аиԥылара иалахәын Аслан Барцыц, Муҳаммад Кьылба, Алхас Кәыҵниа. Аицәажәара далахәын иара убасгьы Рашид Нургалиев.

Ажьырныҳәа 9 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аҿагыларатә акциа хацдыркит ахада иԥхьатәара дҵаны иҟаҵо. Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ҭагалантәи алхрақәа рылҵшәақәа иашамызт ҳәа ахырҳәааит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0