Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа аоппозициаа рмитинг хдыркәшеит

© Sputnik Аоппозициаа рмитинг хдыркәшеит
Аоппозициаа рмитинг хдыркәшеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәҩыла аоппозициа адгылаҩцәа атәыла ахада дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дача акәша-мыкәша еизеит, Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵа ҟаҵо. Ажьырныҳәа 12 рзы Рауль Ҳаџьымба арзаҳал инапы аҵеиҩит ԥхьатәара дышцо азы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аҟәатәи амитинг аиҿкааҩцәа ируаӡәку Ахра Аҩӡба Sputnik иазеиҭеиҳәеит ԥшьымш ицоз аҿагыларатә акциа шхыркәшахаз атәы.

"Ҳара аџьабаа збаз ауаа иҭабуп ҳәа раҳҳәеит, рџьабааз ҭабуп ҳәо еимпырц азы ҳрыҳәеит, - иҳәеит иара.

Аоппозициатә мчрақәа рблок ахада Аслан Бжьаниагьы ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Аҵыхәтәантәи амзақәа зегьы иубартә иҟан аполитикатә кризис ҳашҭагылаз. Иахьазы уи аус ӡбахеит. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит уи шәаргьы шәхы ахьалашәырхәыз", - иҳәеит иара.

Бжьаниа иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рашид Нургалиеви урыстәыла ахада ицхырааҩ Владислав Суркови акризис алҵразы рлагаламҭа.

Рауль Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы аҳәамҭа инапы аҵаиҩит - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы арзаҳал инапы аҵаиҩит

Ԥшьымш рыҩнуҵҟа акциа иалахәу ауаа аамҭақәак раԥхьа Рауль Ҳаџьымба дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь инеит. Шәҩыла аоппозициа адгылаҩцәа атәыла ахада дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дача акәша-мыкәша еизеит, Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵа ҟаҵо.

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны уаанӡатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Апарламент ԥасатәи адепутат Сергеи Шамба амитинг алахәылацәа ирылеиҳәеит Рауль Ҳаџьымба аҭел дизасны ажәа шииҭаз ԥхьатәара дышцо азы арзаҳал инапы шаҵеиҩуа.

Арзаҳал инапы аҵеиҩит ҳәа Шамба абжьыҭгага ала ауаа ирылеиҳәеит. Еилагылаз уи напеинҟьарыла ирыдыркылеит.

Валери Кәарҷиа: ахада инапынҵақәа назыгӡо изы азҵаара Апарламент аҿы иҳаӡбоит - Sputnik Аҧсны
Валери Кәарҷиа: ахада инапынҵақәа назыгӡо изы азҵаара Апарламент аҿы иҳаӡбоит

Уаанӡа, иахьа Рауль Ҳаџьымба диԥылахьан аоппозициа ахада Аслан Бжьаниа. Аиԥылара иалахәын Аслан Барцыц, Муҳаммад Кьылба, Алхас Кәыҵниа. Аицәажәара далахәын иара убасгьы Рашид Нургалиев. Ари аиԥылараан Бжьаниа Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц шидигалаз иҳәеит.

Ажьырныҳәа 9 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аҿагыларатә акциа хацдыркит, ахада иԥхьатәара дҵаны иҟаҵо. Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ҭагалантәи алхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ иаднакылаз иашамызт ҳәа ахырҳәааит.

Амҽыша, ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иалнахит аҳәынҭқарра ахада иалхра ҿыцқәа ррыцхә. Урҭ ҟалоит хәажәкыра 22, 2020 шықәса рзы. Азакәан инақәыршәаны, ркандидатурақәа ықәдыргылар ҟалоит акандидатцәа ҿыцқәеи уаанӡатәи акандидатцәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0