Ауаажәларратә темақәа ирышьҭаз: Виктор Кәакәасқьыр игәалашәаразы

© Foto / Екатерина БебиаВиктор Кәакәасқьыр
Виктор Кәакәасқьыр  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист, апублицист Виктор Кәакәасқьыр. Ажурналист акыршықәса редакциак аҟны аус ицызуз иколлегацәа ирҿиаратә мҩа ахыҵхырҭақәа ргәаладыршәеит.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Виктор Кирилл-иԥа Кәакәасқьыр жәашықәсала аус ицзухьаз иҩызцәа, иколлегацәа ззанааҭ ҭакԥхықәрала иазнеиуаз журналист ҟазаны дыргәаладыршәоит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 40 шықәса раԥхьа Виктор Кәакәасқьыр "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциа данаднакыла инаркны, иԥсҭазаара далҵаанӡа арҿиаратә мҩа ицаныз ауаагьы.

Гарри Дбар - Sputnik Аҧсны
Ҭабара зқәым "Аӡыхь": ажурналист Гарри Дбар игәалашәаразы

Ашәҟәыҩҩы, ажурналист Борис Қаџьаиа иажәақәа рыла, 40 шықәса раԥхьа агазеҭ аҟны аусура мариамыз, аҟәыӷара змаз, ахәыцра зылшоз ажурналистцәа ҟазацәа аҭахын аҟнытә, иреиӷьқәаз ракәын аредакциа иаднакылоз.

Агазеҭ "Аԥсны-ҟаԥшь" аредакциаҿы Виктор Кәакәасқьыр аусура далагеит 1978 шықәса инаркны. Уаанӡагьы Тҟәарчалтәи ашахтаҟны ииҩуаз анҵамҭақәа рыла еиуеиԥшым апериодикатә кьыԥхь аҟны аԥхьаҩцәа рахь дцәырҵхьан. Аԥсны иреиҳаз агазеҭгьы урҭ аҩымҭақәа рыбзоурала дгәанаҭеит.

Ажурналист қәыԥш агазеҭ аҟны аусура даналага, аредакциа Ленинград ақалақь Иреиҳау апартиатә школ ахь ддәықәнаҵан, аҵара ду далганы дазыхынҳәит.

"Виктор Кәакәасқьыр абаҩхатәра злаз журналистын. Еиҳаракгьы иара иҽазҵәылхны дрышьҭан, иагьиԥшаауан ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара зныԥшуаз атемақәа. Ихатәы рҿиара инаваргылангьы, егьырҭ иколлегацәа рырҿиарақәа ахҳәаа рзыҟаҵараҿгьы дхәыдаӡамызт. Иара илшон апублицистикатә, апоезиатә, апрозатә аԥҵамҭақәа рыхцәажәара, аԥхьаҩ ишҟа рӡыргара, ахәшьара иаша рыҭара. Аҵарауааи алитератураҭҵааҩцәеи рылаԥш иҵамшәаз акы анаацәыригозгьы ҟалалон" , - игәалаиршәоит Борис Қаџьаиа.

Ажурналист, агазеҭ "Аԥсны" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Валери Амаршьан аредакциаҿы Виктор Кәакәасқьыр иаԥхьа шықәсқәак аусура далагахьан. Иара иажәақәа рыла, Виктор Кәакәасқьыр, ԥышәарак аҳасабала, хԥаҟа мзы аредакциазы аҩымҭақәа иҩуан. Аҵыхәтәан, қәҿиарала ахаарԥшра ахьилшаз азы даднакылеит.

Агазеҭ Аԥсны аредақтор хада Енвер Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Енвер Ажьиба: агазеҭ "Аԥсны" милаҭтә газеҭуп - аԥхьаҩцәа рацәаҩхааит

"Виктор Кәакәасқьыр – зхатә принцип змаз журналистын, публицистын. Иара ирҭоз анапынҵақәа даара ҭакԥхықәрала инаигӡон, аиаша дашьҭан. Аҵыхәтәантәи амчыбжь аусура дызҭымҵӡеит акәымзар, агазеҭ ес-номер иара иҩымҭак анымкәа иҭыҵуамызт, ихьӡаз ачымазара бааԥсгьы иҽамҭакәа аус иуан", - иазгәеиҭеит Валери Амаршьан.

Агазеҭ "Аԥсны" ауаажәларра-политикатә ҟәша аредакторс 30 шықәса инареиҳаны аус зухьаз Виктор Кәакәасқьыр акьыԥхь аҟны раԥхьаӡакәны 70-тәи ашықәсқәа рзы дцәырҵит. Иара иажәеинраалақәа рнылон Аԥсны иҭыҵуаз апериодикатә кьыԥхь адаҟьақәа реиԥш, Москвеи Қарҭи урыс бызшәала иҭыҵуаз аԥсуа поетцәа еидызкылоз аизгақәагьы.

Виктор Кәакәасқьыр аԥсшәахь еиҭеигоз авторцәа иреиуан: Николаи Патулиди, Едгьы Ӡыба, Леила Ԥачлиаԥҳа, Артавазд Сарециан уҳәа. Арҭ аиҭагамҭақәа рӷьырак агазеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа ирнылеит.

Виктор Кәакәасқьыр Аԥсни Урыстәылеи Ажурналистцәа реидгылақәа дрылахәын, ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡареи "Агәымшәаразы" амедали.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0