Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Аслан Барцыц ԥхьатәара дцеит

© Foto / presidentofabkhaziaАслан Барциц
Аслан Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 12 рзы ахәылбыҽха Рауль Ҳаџьымба имаҵура шышьҭеиҵо азы арзаҳал инапы аҵаиҩит, ԥшьымш мцоз аҿагыларатә акциақәа рышьҭахь.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Аслан Барцыц Рауль Ҳаџьымба имаҵура анаанижь ашьҭахь ԥхьатәара дцеит, абр атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. 

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дахьцаз инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхаразы, азеиԥшмилаҭтә еилибакаара ҟаларазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ имаҵура шьҭасҵоит", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Уаанӡа Барцыц иҳәахьан Ҳаџьымбеи уи идгылоу аполитикцәеи хәажәкырамзазы иҟало алхрақәа раан кандидатк идгылар шрылшо.

Ԥшьымш рыҩнуҵҟа акциа иалахәыз ауаа аамҭақәак раԥхьа Рауль Ҳаџьымба дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь инеит. Шәҩыла аоппозициа адгылаҩцәа аҳәынҭқарратә дача акәша-мыкәша еизеит, Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵа ҟаҵо.

Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны
Кәыҵниа: аоппозициа аганахьала иқәгыло акандидат далкаам

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны уаанӡатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Апарламент ԥасатәи адепутат Сергеи Шамба амитинг алахәылацәа ирылеиҳәеит Рауль Ҳаџьымба аҭел дизасны ажәа шииҭаз ԥхьатәара дышцо азы арзаҳал инапы шаҵеиҩуа.

Арзаҳал инапы аҵеиҩит ҳәа Шамба абжьыҭгага ала ауаа ирылеиҳәеит. Еилагылаз уи напеинҟьарыла ирыдыркылеит.

Ажьырныҳәа 12 рзы ҽынла Рауль Ҳаџьымба диԥылахьан аоппозициа ахада Аслан Бжьаниа. Аиԥылара иалахәын Аслан Барцыц, Муҳаммад Кьылба, Алхас Кәыҵниа. Аицәажәара далахәын иара убасгьы Рашид Нургалиев. Ари аиԥылараан Бжьаниа Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц шидигалаз иҳәеит. Рашид Нургалиев аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы акахьы иааибагарц рабжьигеит.

Ҳаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом, аӡбарҭа иаӡбаз дахашшааӡом - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом, аӡбарҭа иаӡбаз дахашшааӡом

Ажьырныҳәа 9 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аҿагыларатә акциа хацдыркит, ахада иԥхьатәара дҵаны иҟаҵо. Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ҭагалантәи алхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ иаднакылаз иашамызт ҳәа ахырҳәааит.

Амҽыша, ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иалнахит аҳәынҭқарра ахада иалхра ҿыцқәа ррыцхә. Урҭ ҟалоит хәажәкыра 22, 2020 шықәса рзы. Азакәан инақәыршәаны, ркандидатурақәа ықәдыргылар ҟалоит акандидатцәа ҿыцқәеи уаанӡатәи акандидатцәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0