Аԥсны Апарламент Рауль Ҳаџьымба иԥхьатәара аднакылеит

© SputnikАԥсны Апарламент Рауль Ҳаџьымба иԥхьатәара аднакылеит
Аԥсны Апарламент Рауль Ҳаџьымба иԥхьатәара аднакылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь ажьырныҳәа 12 рзы инаишьҭит имаҵура шаанижьуазы арзаҳал.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа Рауль Ҳаџьымба аҳәынҭқарра ахада имаҵураҟынтәи иԥхьатәара рыдыркылеит, абри атәы Sputnik акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит.

Адепутат Дмитри Дбар ирылеиҳәеит рыбжьы шырҭииз 34-ҩык адепутатцәа, урҭ рахьтә 32 - "иадгылеит", ҩыџьа - "иаҿагылеит".

"Имаӡоу абжьыҭира алҵшәақәа рыла Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада имаҵураҟынтәи иԥхьатәара Апарламент иаднакылеит", - иҳәеит Дбар.

Ԥшьымш рыҩнуҵҟа акциа иалахәыз ауаа аамҭақәак раԥхьа Рауль Ҳаџьымба дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь инеит. Шәҩыла аоппозициа адгылаҩцәа аҳәынҭқарратә дача акәша-мыкәша еизеит, Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵа ҟаҵо.

Валерий Бганба - Sputnik Аҧсны
Атәыла ахада инапынҵақәа наигӡалоит аԥыза-министр Валери Бганба

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны уаанӡатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Апарламент ԥасатәи адепутат Сергеи Шамба амитинг алахәылацәа ирылеиҳәеит Рауль Ҳаџьымба аҭел дизасны ажәа шииҭаз ԥхьатәара дышцо азы арзаҳал инапы шаҵеиҩуа.

Арзаҳал инапы аҵаиҩит ҳәа Шамба абжьыҭгага ала ауаа ирылеиҳәеит. Еилагылаз уи напеинҟьарыла ирыдыркылеит.

Ажьырныҳәа 12 рзы ҽынла Рауль Ҳаџьымба диԥылахьан аоппозициа ахада Аслан Бжьаниа. Аиԥылара иалахәын Аслан Барцыц, Муҳаммад Кьылба, Алхас Кәыҵниа. Аицәажәара далахәын иара убасгьы Рашид Нургалиев. Ари аиԥылараан Бжьаниа Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц шидигалаз иҳәеит. Рашид Нургалиев аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы акахьы иааибагарц рабжьигеит.

Аслан Барциц - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Аслан Барцыц ԥхьатәара дцеит

Ажьырныҳәа 9 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аҿагыларатә акциа хацдыркит, ахада иԥхьатәара дҵаны иҟаҵо. Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ҭагалантәи алхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ иаднакылаз иашамызт ҳәа ахырҳәааит.

Амҽыша, ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иалнахит аҳәынҭқарра ахада иалхра ҿыцқәа ррыцхә. Урҭ ҟалоит хәажәкыра 22, 2020 шықәса рзы. Азакәан инақәыршәаны, ркандидатурақәа ықәдыргылар ҟалоит акандидатцәа ҿыцқәеи уаанӡатәи акандидатцәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0