Бжьаниа Аԥсны ахада иалхрақәа раан икандидатура ықәиргылоит

© SputnikАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы. Бжьаниа урҭ дышрылахәхо азы зегь раԥхьа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Аоппозициа раԥхьагыла Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада имацурахьы аинадаҭлара далахәхоит ҳазну ашықәс хәажәкыра 22 рзы, абри атәы иҳәеит Аслан Бжьаниа ихаҭа.

2019 шықәсазтәи алхрақәа раан аоппозициа аганахьала Алхас Кәыҵниа дықәгылан, аҩбатәи атур аан АКХ иҟанаҵаз алкаақәа рыла, иара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит, аиааира игеит Рауль Ҳаџьымба.

Ҳаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом, аӡбарҭа иаӡбаз дахашшааӡом - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом, аӡбарҭа иаӡбаз дахашшааӡом

Раԥхьа аоппозиациа аганахьала усҟан кандидатс дықәгылар акәын Аслан Бжьаниа, аха игәамбзиара иахҟьаны алхрақәа рылахәхара илымшеит.

Рауль Ҳаџьымба ажьырныҳәа 12 рзы ԥхьатәара дцеит. Уи аԥхьа ԥшьымш рыҩнуҵҟа Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуан.

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы. Абжьыҭара ҿыцқәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит 2019 шықәсазтәи алхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ иаднакылаз аӡбамҭа закәанмызт ҳәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа ианазханаҵа ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0