Гогьиа: уажәтәи алхрақәа ирықәхарџьхо иаҳхысыз раасҭа еиҳамхароуп

© SputnikТамаз Гогия
Тамаз Гогия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АКХ ахантәаҩы иҳәеит алхрақәа раан абиуџьет анырра ду шаиуа, аха алхратә комиссиа иалшо зегь шыҟанаҵо амцхә анымхразы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Уажәтәи алхрақәа ирықәхарџьхо иаҳхысыз раасҭа еиҳамхароуп иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа. Ҭагалантәи алхрақәа ирыхшәаан 18 миллион мааҭ.

Гогьиа иҳәеит уажәазы ишаахәатәымхо абжьыҭаразы аурнақәа, амҳәырқәеи аштампқәеи, апресс-центр азы ахархәагақәа. Алхрақәа аԥара рзоужьхоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.

"Атәылаҿ актәи афинанстә аԥшьбарак еснагь ауадаҩрақәа амоуп, уажәтәи аҭагылазаашьақәа ирхьырԥшны урҭ еиҳагьы ирыцлоит. Абиуџьет ҳәарада анырра аҭахоит. Ҳара иҳалшо ҟаҳҵоит уи мыцхәы анымхразы", - иҳәеит иара.

Гогьиа иажәақәа рыла, атәыла ахада иалхра аамҭеи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа ралхра аамҭеи еиқәшәоит.

"Убри инадҳәаланы Апарламент ахь ашәҟәы наҳашьҭит аҵыхәтәантәиқәа рыҿҳәара инахазарц", - иҳәоит иара.

Сария Кварацхелия  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит ахада Иусбарҭа аҿагыларатә акциа ашьҭахь аусура ишалагаз

Гогьиа иазгәеиҭеит абжьыҭирҭа ҭыԥқәа шаартхо Москвеи Нхыҵ Кавкази.

Сҭампыл аартра азҵаара макьаназы иалацәажәам.

Аҵыхәтәантәи алхрақәа раантәи аԥсахрақәа шыҟац иаанхоит. 2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар рҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп.

АКХ аплан

Аԥсны Алхратә комиссиа хада аиҭалхрақәа рымзартә план еиҿнакааит.

Аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рҭаҩра иалагоит ажьырныҳәа 22 инаркны жәабран 11 рҟынӡа.

Тамаз Гогия  - Sputnik Аҧсны
Гогьиа алхра ҿыцқәа ирԥырхагоу азиндырратә еиқәымшәарақәа ртәы далацәажәеит

Ахадарахьы акандидатцәа рҭаҩра мҩаԥысуеит адокументқәа анынарышьҭ ашьҭахь жәамш рыҩнуҵҟа.

Алхыҩцәа рсиа адырразы иӡыргахоит алхрақәа жәамш шрыгу.

Алхратә комиссиақәа биуллитенла еиқәыршәахоит 2020 шықәса хәажәкыра 20-21 рзы. Абжьыҭира мҩаԥгахоит хәажәкыра 22 асааҭ 08.00-20.00 рзы.

Алхратә комиссиақәа абжьыҭара алҵшәақәа рзы аԥкаанҵақәа хәажәкыра 22-23 рзы акомиссиа хадақәа ирзынарышьҭуеит, усынтәи АКХ инеиуеит. План ЦИК.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Ҳагба атәыла ахада иалхразы: иаҳзымҩаԥгома асҟак аибарххара ахьыҟоу аҳәынҭқарраҿы

Алхрақәа-2019

Цәыббра 8, 2019 шықәса рзы имҩаԥгахеит Аԥсны ахада иалхрақәа. Атәыла ахадас ркандидатура ықәдыргылеит: Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Алмас Џьапуа, Артур Анқәаб, Асҭамыр Какалиа.

Аҩбатәи атур аҟны еиндаҭлон Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи. Аҩбатәи атур аан аԥыжәара игеит Рауль Ҳаџьымба, 47,39% бжьы иманы, аха ажьырныҳәа 10, 2020 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә колегиа урҭ алхрақәа реихшьаала иашамызт ҳәа аӡбамҭа аднакылеит. Убри ашьҭахь Алхратә комиссиа хада алхра ҿыцқәа ррыцхә шьақәнаргылеит - хәажәкыра 22, 2020 шықәса.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0