Урыстәылатәи аруаа арадиоелектронтә ҿагыларазы рҽазыҟаҵарҵон 40 мши-ҵхи

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи аруаа арадиоелектронтә ҿагыларазы рҽазыҟаҵарҵон 40 мши-ҵхи
Урыстәылатәи аруаа арадиоелектронтә ҿагыларазы рҽазыҟаҵарҵон 40 мши-ҵхи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс азы 50 инареиҳаны ҽазыҟаҵара мҩаԥган аелектронтә ҿагылара аусхк аганахь ала. Аҽазыҟаҵарақәа ирылархәын аррамаҵзурауаа, ҳаамҭазтәи атехника ҷыдақәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арадиоелектронтә ҿагылара аҟазацәа злахәыз, арратә ҽазыҟаҵарақәа 900 сааҭ рҟынӡа мҩаԥган. Аҽазыҟаҵарақәа ирылархәын аррамаҵзурауаа, атехника ҷыдақәа - ҳаамҭазтәи атехника "Житель", "Синица" иреиԥшқәоугьы абрахь иналаҵаны. Абри атәы ааицҳаит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

"Арадиоелектронтә ҿагылара аҟазацәа ихьыԥшу аӷа ирадиоҳақәеи иеимадаратә системақәеи 200 километр иахьаҵанакуаз иршьаҽуан. Убас, автомашьына УАЗ "Патриот" иақәгылаз аԥырхага "Лава" ацхыраарала 15 километра иахьаҵанакуаз аимадара шьаҽын. Ахархәара рыман иахьазы ҽаџьара иуԥымло амобилтә комплексқәа "Леер-2" (акәылӡтәы машьына "Тигр" иақәыргылоу), арадиоеимадарақәа шьақәызҽуа астанциа "Житель", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Имҩаԥгаз арадиоԥырхагақәа хра рыманы ишыҟаз шьақәдырӷәӷәеит ихьыԥшу аӷа ироль назыгӡоз арратә база аимадара аҟәша аррамаҵзурауаагьы.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигонқәа: Гәдоуҭа, Нагвалоу, Ҵабал рҟны абна-шьхареи ага-ԥшаҳәеи иахьрыҵаркуаз аҭыԥқәа рҟны. Арадиоелектронтә ҿагылара аруаа адәынтәи ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон 40 уахи-мши инарзынаԥшуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0