Дочиаԥҳа лӷьычреи Озган ишьреи рзы ахарадҵара рыларҳәоит жәабран 13 рзы

© SputnikСуд по делу похищения Дочия
Суд по делу похищения Дочия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахара здырҵо рҿы рықәшаҳаҭым, ахьчара аган акәзар, ашаҳаҭцәа реиқәымшәара азгәарҭоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21– Sputnik, Бадри Есиава. Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рзы ахарадҵара рыларҳәоит жәабран 13 рзы ҳәа аӡбамҭа лыдылкылеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Мимоза Цушба.

Дочиаԥҳа лӷьычра иалахәуп ҳәа иԥхьаӡоуп: Алхас Ӡиӡариа, Геннади Блаб, Арден Чантуриа, Џьумбер Аҩӡба. Уи адагьы Алхас Ӡиӡариеи Асҭамыр Ӡиӡариеи Дмитри Озган ишьра иалахәны иԥхьаӡоуп. Аҵыхәтәантәи иакәзаргьы Ирина Дочиаԥҳа лӷьычра далахәын азгәаҭоуп.

Ажьырныҳәа 20 рзы аӡбаҩцәа ахара зду аҵыхәтәантәи ажәа рырҭеит. Дара ахара рхы иадырҵом. Цушба ахарадҵа ажәалагалеи ахыркәшаратә хәҭеи рыԥхьараз ажәадгала иҟалҵаз дара ақәшаҳаҭым, ахарадҵа атекст зегьы иаԥхьааит ҳәа рҳәеит.

Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Владимир Арлан. - Sputnik Аҧсны
Арлан: Ирина Дочиаԥҳа лхы дақәиҭтәын

"Ауаа ираҳааит иҳадырҵо закәу", - иҳәеит Асҭамыр Ӡиӡариа ажурналистцәа рахь ихы нарханы.

Абри ашьҭахь аӡбаҩ Мимоза Цушба Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рзы ахарадҵара рыларҳәоит жәабран 13 рзы ҳәа аӡбамҭа лыдылкылеит.

Ирина Дочиаԥҳа дырӷьычит 2016 шықәса ԥхынгәы 2 рзы, ахәылбыҽха асааҭ 23:40 мск рзы Аҟәа, Леон имҩа, аҩны 31 аҟынтә.

Ԥхынгәы 4 рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит.

Нанҳәа 16 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба алаҳәара ҟаиҵеит Ирина Дочиаԥҳа дахьыҟоу азы аинформациа иаша ҟазҵо миллион мааҭ шиҭахо азы.

Ирина Дочиаԥҳа, ԥхынгәы 2 2016 шықәса рзы зыҩнаҟынтәи ирӷьычыз лхы дақәиҭыртәит нанҳәа 17 рзы.

Аамҭақак рышьҭахь Ирина Дочиаԥҳа лхы дақәиҭыртәит хшәаада, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура имҩаԥнагаз аоператив-ԥшааратә усурақәа ирылҵшәаны.

Ирина Дочиаԥҳа лхақәиҭтәраан амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа рҟынтәи аӡәгьы ааха имоуит. Ирина Дочиаԥҳа лхақәиҭтәразы ауснагӡатәқәа данырӷьыч аҽны инаркны ихацыркын.

Аӷьычра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟаз - Дмитри Озган - 2017 шықәса абҵарамзазы дыршьит.

Сбор улик на месте преступления - Sputnik Аҧсны
Апрокуротура: Гәдоуҭа ишьыз ауаҩы 13 хәра иоуит

Алхас Ӡиӡариеи Асҭамыр Ӡиӡариеи Дмитри Озган ишьра иалахәны иԥхьаӡоуп. Уи ишьра зыхҟьаз Дочиаԥҳа лҭаацәа ирырҭаз аԥара ашара мап ахьацәикыз ауп ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Ирина Дочиаԥҳа 44 мшы даанкыланы дрыман, аԥхьа Аҷандара ақыҭан инхо Џьниаа рыҩнаҭаҿы, нас – Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Аҩӡаа рыҩнаҭаҿы.

Апрокурорцәа аӡбаҩцәа рахь аҳәара ҟарҵеит иаанкылоу ахара рхароуп ҳәа азыԥхьаӡаны 10 шықәса инаркны 20 шықәса рҟынӡа рхақәиҭра иалхәыдаартәырц.

Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рзы ахарадҵара рыларҳәоит жәабран 13 рзы ҳәа аӡбамҭа лыдылкылеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Мимоза Цушба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0