"Сҵара уҵарахааит, сымшра умшрахааит": аӡәы идырра даҽаӡәы ишииҭо иазку ақьабз

© Foto / Эсма ТодуаЮра Джопуа
Юра Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар ирылоуп "адырра" зманы аԥсуа хәшәқәа ҟазҵо, ауаҩы, ма арахә алаԥш рхызхыр зылшо, здоуҳа наӡо ауаа. Ишԥароуи дара убри адырра? Дарбанзаалак илшома ддырыҩхар, мамзаргьы иалху аӡә иакәу? Уи адоуҳа злоу Иура Џьопуа Есма Ҭодуаԥҳа илзеиҭеиҳәеит идырра шиоуз атәы.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҵааҩцәеи, адырыҩцәеи, аԥшцәеи аԥсуаа рҟны еснагь аҭыԥ ҷыда ааныркылон. Аӡәы чмазарак ихьма, ашәи дакыма, ма ныҳәарак мҩаԥигома аҵааҩцәеи адырыҩцәеи дразҵаауан иҟаиҵаша-ииуша атәы. Иахьагьы ус еиԥш иҟоу ауаа ҳамоуп, ирыдҵаалогьы маҷым. Шьоукы уи агәра ргоит, даҽа шьоукы аҿагылоит, аха жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа рҟны "дҟаза дуун, ддырҩы ӷәӷәан" ҳәа зыхьӡи зыжәлеи еидкылан зыӡбахә рҳәо маҷым. Убас иҟоуп "адырра" зманы аԥсуа хәшәқәа ҟазҵо, ауаҩы, ма арахә алаԥш рхызхыр зылшо здоуҳа наӡо ауаа.

Аҵиаақәа - Sputnik Аҧсны
Лаԥшь ҵәаԥшь ҭаст: аҭәҳәаҟаҵаҩцәа алаԥш заахаз ишырхыруа иазкны

Ҷлоу ақыҭа инхо, 84 шықәса зхыҵуа Иура Џьопуа зажәа адоуҳатә мчы амоу ауаа дреиуоуп. Иара ишиҳәо ала, ауаҩы ахәшә аҟаҵашьа иҵеит ҳәа, мамзаргьы аҭәҳәа ҵаны иҳәеит ҳәа, уи амч амаӡам. Зегьы ирымам адоуҳа. Иара ианшьҭраҿы дыҟан аҟаза ҳәа зыӡбахә рҳәоз, ауаа рчымазарақәа ирылзыргар зылшоз Кьагәа Кьиут ҳәа адырыҩ.

"Аԥшьра ахәшә ҟасҵоит, абылра ахәшә сдыруеит, ашьакьтахь ахәшә, алаапкра ахәшә сдыруеит, ахәацха ахәшә сдыруеит, егьи, дырҩегьых аҭәҳәа сдыруеит, ахәыҷқәа рзы иҟасҵоит. Сан рыцҳа илҿысҵааит. Сан лан д-Кьиутԥҳан. Убри Акьиут лашьа иакәын Кьагәа захьӡыз. Уи даара дҟаза дуун, ауаа изаауан, дрыцхраауан… Уи агәаҵәа умазароуп, баша иуҵеит, иуҳәеит ҳәа акгьы аанагаӡом. Абри сара ажәақәа исҳәо, иҟасҵо, абри сара адырра сыман, исҳәо сажәа Анцәа ҳазшаз исаҭәеишьаз ныҟәызгоит. Ауаҩы данныҳәо, "Амин" зырҳәои, сара исҳәо "Амин" ацызҳәо дсымоуп – доуҳауп ари", – ҳәа сеиҳәеит ҳаицәажәараан Иура Џьопуа.

Ахьаа зыртәо ԥшьнашанатә цәаҳәак>> 

Иура Џьопуа иҳәоит иара имоу адырра макьана иҳәар шыҟамло, избанзар иуҳәар, адоуҳа цоит. Унарцәымҩа уананыло ауп удоуҳа даҽаӡә иахь ииаугар анауа ҳәа азгәаиҭоит. Уи изуҭар уҭаху аӡәы уааиԥхьаны, иҟәаҟәа унапы нкыдшьыланы, "хажәак" иауҳәоит. Убас ала ауп сара сзыҿцәажәоз Иура Џьопуа иан лҟынтәи адоуҳа шиоузгьы.

"Сан аԥсхыхра даҿын, дгәаҟуан. Даақәтәеит абас, "уааи, уааи" лҳәан, саалгеит. Санаалга, "иҟои, сан?" сҳәан, "сара сцоит" лҳәеит, дыччо, дыхәмаруа ауп ишылҳәо. "Акы мҳәаӡакәа бышԥацои?" сҳәеит. "Ааҳаҳ, – лҳәеит, – исгәаламшәеи. Уааи, уааи, – лҳәан, абас ааҟалҵеит, – сымшра умшрахааит, сҵара уҵарахааит, иуҳәо уқәманшәалахааит", – лҳәеит, сҟәаҟәа лнапы аакыдылшьылан, лхы нықәылҵеит, дыԥсит. Хажәак сзынлыжьит", – ҳәа ҳаиҳәеит, убри аахыижьҭеигьы ииҳәо шыҟало гәеиҭахьеит. "Сшәииргьы, исҳәо ҟалоит, сыдмыргәаароуп, сгәы садыргар, амна сҩықәгыланы исҳәаргьы, исҳәо ҟалоит, уи сара игәасҭахьеит", – ҳәа иажәа иациҵеит иара.

Иан Хьықа Кәыҵниаԥҳа лыдунеи анылыԥсахуаз, Иура Џьопуа дҭаацәарахахьан. Убриаахижьҭеи абри адырра дацныҟәоит. Иахҳәап, арахә алаԥш заахаз абӷа инапы аақәишьыр "умшхааит" ҳәа, иаразнакы иааиӷьхоит. Аха уигьы ианыҟауҵалакь ауам, иарбанзаалак ныҳәароума, ахәшә аҟаҵара аума, аҭәҳәара аума иара амш амоуп ҳәа азгәаиҭоит. Уимоу иара ааигәа дыҟамзаргьы, харантәигьы алаԥш аҟәигар илшоит.

Плющ - Sputnik Аҧсны
Ашәчбӷьы, аҵәымӷқәа, арацәа ҽыҭқәа, мамзар аԥсуаа алаԥш рыҽшацәырыхьчо

"Ари илаԥш цәгьаны аӡә дыҟан, ижәла сҳәаӡом, иалыбхи, абри ҳгәыла иҟны дааин, абарҵаҟны ҳтәан, арахә шҩеиуаз, абас днахәаԥшит, ахәылбыҽха иаакылст, ашьа ацрыжжы ицон. "Аа, Иура, - ҳәа дааит, - абааԥс, акаамеҭ саниеит, сыжә абас акаамеҭ алаԥш иаҿашәеит", - иҳәеит. Умшәан, уи алақәа ҭаҳхп сҳәан, дцеит. Нас снеин, абарҭқәа сзаага сҳәан, ахьӡ сҳәеит: арахәыц шкәакәа абас иааиҵухуеит, арӷьарахьала уаҭәҳәоит, абас хынтә, хажәак уҳәоит, уинахыс уаҳа акагь уҳәаӡом", - иҳәеит Иура Џьопуа.

Ахәыҷқәа данрыҭәҳәо марҭхәқәас ихы иаирхәоит ашыла, арацәа, аџьыка. Ауаҩы алаԥш имоу имаму арахәыц шкәакәа алоуп излаидыруа. Уи арахәыц неиҵыхны ахәыҷы инаидкылан дҩахоит, абас ушҩахо арахәыц агәҭа шоит – арӷьарахь ианша, алаԥш имоуп, имшар, алаԥш имаӡам ҳәа аладыргас имоуп. Аҭәҳәа аныҟаиҵо, мамзаргьы ахәшә ҟаиҵозаргьы, инапы анаиркуа ԥшьашалоуп.

Шьапымшыла: амшра зцу ауаҩы иныҳәара>>

Ахәшә аҵхра уанцогьы ашьыжь уҩагыланы уҿы-унапы ааӡәӡәаны, уныҳәаныԥхьаны, ухагәҭа унапы нықәшьны, амҩа уқәлароуп иҳәоит Иура Џьопуа. Насгьы амҩа уахьынӡақәу аԥхӡы науҿашыр, уԥхӡы наԥхьаҳәаны, ӡыхьк аҿы аӡы ааухьуршароуп ҳәа азгәеиҭоит.

Иара арҭ ақьабзқәа дахьрылааӡоу аҟынтәи урҭ рыгәра игоит, убри аҟнытә ииҳәо ажәагьы анарха амоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0