Sputnik Аԥсны амчыбжьтәи ахҭысқәа

© Sputnik / Роберт ДжопуаПлотина Ингур ГЭС
Плотина Ингур ГЭС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит есымчыбжьатәи амчыбжь ахҳәаа. Ажьырныҳәа 20 - 26 рзтәи ахҭысқәа Sputnik аҿы.

Ииасыз амчыбжь азы ауааԥсыра идырдырын "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара аԥкра ишалаго, АКХ аҟны иҭаҩын акандидат иқәыргылара згәиҭоу апартиа, ирылацәажәан алхра азҵаарақәа, ԥхьатәара дцеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Ареспубликатә унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" аграфик шаланагало азы аиҿкаара апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит.

"Авольтҳарак цәаҳәақәа ахьыҟоу Аҽгәара (аноминал - 690А , аидара иаша - 869А), Шешелети-1 (аноминал - 520А, аидара иаша - 615А) аидара  раҵгаразы ареспублика иахьаҵанакуа афымцалашара арцәара аамҭалатәи аграфик шьақәырӷәӷәоуп", - ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Ажьырныҳәа 27 инаркны аграфик:

  • Гал араион - 04:00 - 06:00, 19:00 - 21:00 - ПС Гал-110, ПС Гал-35, ПС Барӷьаԥ, ПС Отобаиа, ПС ПГЭС-1, ПС Чегал, ПС Переброска, ПС Рухски;
  • Тҟәарчал араион - 04:00 - 06:00, 19:00 - 21:00 - ПС Тҟәарчал ГРЕС (10 кВ);
  • Очамчыра араион - 00:00 - 02:00, 15:00 - 17:00 - ПС Очамчыра-а́́хага, ПС Очамчыра-2, ПС Мықә, ПС Кәачара, ПС Аӡҩыбжьа;
  • Гәылрыԥшь араион - 00:00 - 02:00, 15:00 - 17:00 - ПС Уарча, ПС Дранда, ПС Агәыӡера, ПС Аҟәа-220 (10 кВ), ПС Ҵабал;
  • Аҟәа ақалақь агәҭеи мрагыларатәи ахәҭеи, Аҟәа араион - 00:00 - 02:00, 15:00 - 17:00 - ПС Синоп, ПС Баслаҭа, ПС ИЕПиТ: Т-1;
  • Аҟәа ақалақь мраҭашәаратәи ахәҭа - 02:00 - 04:00, 17:00 - 19:00 - ПС Аҟәа-2;
  • Аҟәа ақалақь агәҭа - 04:00 - 06:00, 19:00 - 21:00 - ПС Аҟәа-1, ПС ИЕПиТ: Т-2;
  • Гәдоуҭа араион мраҭашәаратәи ахәҭа - 04:00 - 06:00, 19:00 - 21:00 - ПС Мысра, ПС Мысра-а́́хага, ПС Лыхны, ПС Гәдоуҭа-110: Т-1;
  • Гәдоуҭа араион мрагыларатәи ахәҭа - 02:00 - 04:00, 17:00 - 19:00 - ПС Афон, ПС Гәдоуҭа-а́́хага, ПС Мцара, ПС Дәрыԥшь, ПС Гәдоуҭа-110:Т-2;
  • Пицунда, Алаҳаӡы - 00:00 - 02:00, 15:00 - 17:00 - ПС Пицунда, ПС Алаҳаӡы;
  • Гагра араион - 02:00 - 04:00, 17:00 - 19:00 - ПС Гагра-3, ПС Гагра-1, ПС Гагра-2, ПС Хол. Речка, ПС Цандрыԥшь-а́́хага, ПС Гечрыԥшь, Бзыԥ: ПС Бзыԥ-220 (10 кВ).

Аԥсныҟа иаауа афымцалашара ҩынтә еиҵатәхар ма урыстәылантәи иаагазар, аенергокризис алҵра алшоит ҳәа азиԥхьаӡоит ЕгрыГЕС аиҳабы Леван Мебониа. Акы мыӡбахар, жәабранмзазы астанциа аангылар алшоит ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Иахьазы Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 445 метра роуп иҟоу. Аӡы аҩаӡара мышкы иалагӡаны метрак аҟынӡа илаҟәуеит. Ҳаԥхьаӡарақәа рыла афымцалашара мышктәи ахархәара 4,5 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа еиҵатәымхар ма урыстәылантәи иаагамхар, жәабран 10-12 рзы астанциа аус амур ҟалоит, ма уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ҩба-хԥа сааҭ аус аулоит", - иҳәеит Мебониа.

Афымцамч аӡын Аԥсныҟа аашьҭра азҵаара иалацәажәеит аԥсуеи аурыси ганқәа - Sputnik Аҧсны
Афымцамч аӡын Аԥсныҟа аашьҭра азҵаара иалацәажәеит аԥсуеи аурыси ганқәа

ЕгрыГЕС ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ақәоура маҷуп. Иахьынӡаԥхарраз афымцамч ахархәара уахыки-ҽнаки рыла 8 - 8,5 миллион киловатт-сааҭ ыҟан. Ишаахьҭахаз, уи иацлеит.

ЕгрыГЕС аиҳабы иажәақәа рыла, апроблема хымԥада иаарласны иӡбатәуп. Афымцалашара мышктәи ахархәара 4,5 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа еиҵатәымхар ма урыстәылантәи иаагамхар, ареспублика лашарада аа-сааҭк рҟынӡа иаанхар ҟалоит.

Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны Аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә зҵаарақәа рзы аусутә еилацәажәара.

Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин иԥылараан аӡынтәи аамҭазы афымцамч Урыстәылантәи Аԥсныҟа аашьҭра азҵаарагьы иалацәажәан. Ари азҵаара ацәырҵра адҳәалоуп Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәра.

Раԥхьатәи акандидати азакәан ахь аиҭакрақәа рызҵаареи

Ажьырныҳәа 24 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит аполитикатә партиа "Акзаара" ("Единство") ахадарахьы акандидат иқәыргыларазы. Абри атәы Sputnik иазаалыцҳаит АКХ амаӡаныҟәгаҩ Ануш Ходжикиан.

ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
АКХ адепутатцәа рахь "Аԥсны ахада иалхразы" Азакәан ариашаразы ажәалагала нанашьҭит

Лара илҳәеит апартиа АКХ аҟны ианҭарыҩ ашьҭахь аизара ду мҩаԥнагар шакәу атәыла ахадарахьы акандидат иқәыргыларазы. Уаанӡа апартиа "Акзаара" ахантәаҩы Леонид Ӡаԥшьба Sputnik иазеиҭеиҳәахьан алхрақәа ихы шрылаирхәуа азы.

Иара убас алингвистикатә комиссиа аԥсшәазы аԥышәара аԥҟарақәа дырџьбареит. АКХ Апарламент ахь инанашьҭит "Аԥсны ахада иалхрақәа рзы" азакәан ахь иалагалатәу аԥсахрақәа рзы ажәалагалақәа. Иара убас акоррупциа иаҿагылоу ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ауаажәларра ирԥылеит. Урҭ ирҳәеит ари ахәҭаҷ Аԥсны ахада ҿыц далырхаанӡа Жәлар Реизараҟны ирыдыркылар шахәҭоу.

Ԥхьатәара ицази амаҵура иарҭази

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба арзаҳал ҩны ԥхьатәара дцеит. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит ажьырныҳәа 20 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.

Ԥхьатәара дцеит Оҭар Берзениа, Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабы. Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабы инапынҵақәа неигӡалоит Зураб Занҭариа.

Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа неигӡалоит Беслан Кәыҵниа.

Ԥырхага зуа ахәаҷақәа рықәхра

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба жәабран 27, 2019 шықәса рзы инапы аҵеиҩит ақыҭанхамҩатә культурақәа аԥхасҭа рызҭо амармалташьтә пты ақәхразы адҵа.

Ловушка для мраморного клопа - Sputnik Аҧсны
Аԥсабара аԥхасҭа азҭо амаҵақәа рҿагылара 15 миллион мааҭ ақәхарџьхоит

Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Амиран Какалиа иажәақәа рыла 2020 шықәса рзы 15 миллион мааҭ ақәхарџьхоит ақыҭанхамҩатә культурақәа аԥхасҭа рызҭо амармалташьтә пты ақәхразы. Арахь иаҵанакуеит америкатәи аԥырԥалыкь, апальматә ԥынҵахәхәа.

7 миллионк апты ақәхра иазырхахоит, иаанхаз аԥарақәа егьырҭ амаҵақәа рықәхра иазырхахоит, иара убас ахәшәқәа раахәара.

Аҭҵаарадырра иазааԥсоз

Ажьырныҳәа 24 рзы иԥсҭазаара далҵит Амаамынҭҵаареи аекспирименталтә терапиеи рыҭҵаарадырратә институт иреиҳабӡоу аусзуҩ Владимир Баркаиа.

© Foto / НИИЭПиТВладимир Баркаиа
Sputnik Аԥсны амчыбжьтәи ахҭысқәа - Sputnik Аҧсны
Владимир Баркаиа

Уи аҭҵаарадырразы адиректор ихаҭыԥуаҩыс аинститут даман, ашьа апатофизиологиа аҟәша напхгара аиҭон, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ. Баркаиа аинститут аҟны аус иуан 1961 шықәса инаркны, амаамынқәа акосмос ахь рышьҭразы разыҟаҵара далахәын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0