Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны атәылауаа Китаиҟа имцарц рабжьыргоит

© SputnikСайт МИД Абхазии
Сайт МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи адыррақәа инарықәыршәаны Китаи авирус ҿыц рылаҽхьеит 2835–ҩык, 81–ӡәы иԥсҭазаара далҵхьеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik. Акоронавирус 2019-nCoV Китаи иахьамҽханакыз инадҳәаланы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рахь абжьагара ҟанаҵоит аамҭала Китаитәи Жәлар рреспубликахь ацара рҽацәхьаркларц.

"Уажәазы Китаи иҟоу Аԥсны атәылауаа абри иеиԥшу аҭагылазаашьақәа раан ишахәҭоу еиԥш рҽацәырыхьчалароуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны. Акоронавирус ҿыц 2019-nCoV алаҵәара акыр аҽарццакит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы. Иҟоу адыррақәа рыла, уажәазы авирус бааԥс рылаҽхьеит 2835–ҩык, 81–ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

Китаи Агәабзиарахьчара аминистрра ахада иажәақәа рыла акоронавирус 2019-nCoV уаанӡатәи авирусхкқәа SARS, MERS иреиԥшым.

Борьба с новым коронавирусом в Китае - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус уаҩы ишимбац еиԥш Китаи ауааԥсыра ирылаҵәоит

"Иара аԥстәы аҟынтәи ауаҩ иахь аиасра астадиа иахысны ауаҩ иҟынтәи ауаҩ иахь ииасуа иалагеит. Ишаабо ала иара аиасралшара еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауеит", - иҳәеит Ма Сиаовеи.

Авирус 30 регион рҟны игәарҭахьеит: Еиду америкатәи аштатқәа, Иапониа, Алада Кореиа, Таиланд, Сингапур рҟны.

Китаи амчрақәа официалла ирҳәоит авирус ауаҩ иҟынтәи ауаҩ иахь ииасуеит ҳәа. Амедикцәа иара ԥхьаҟа аҽеиҭанакыр шалшо азгәарҭоит.

Китатәи жәлар рреспублика амчрақәа авирус егьырҭ арегионқәа ирыламҵәарц азы 10 қалақьк адыркит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0