Аполитолог Камкьиа: Аԥсны ахада иалхразы азакәан риашарак ауп иаҭаху

© SputnikАполитолог Камкьиа: Аԥсны ахада иалхразы азакәан риашарак ауп иаҭаху
Аполитолог Камкьиа: Аԥсны ахада иалхразы азакәан риашарак ауп иаҭаху - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәачатәи РУДН аинститут азин атеориа акафедра аиҳабы, аполитолог Беслан Камкьиа радио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит ахада иалхра аламҭалаз амчратә хырхарҭақәа рхы шымҩаԥыргашаз.

АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аполитолог Беслан Камкьиа атәыла амчра амилаҭтә интересқәа азхьаԥшра рынаҭозароуп, аӡәы далкааны иган иадымгылозароуп иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз.

"Амчратә усбарҭақәа ажәлар ринтересқәа ирыдгылозароуп. Ҳәарада аӡәы еиҳа дугәаԥхоит ҽаӡә иаасҭа, аха алхратә мчра хьыԥшымкәа, иобиективны иҟазарц азы азакәан ахәҭаҷ 19 атекст иаку еилкаарак амазароуп. Аҭакԥхықәра ду амоуп анагӡаратә мчрагьы, избанзар иароуп алхрақәа еиқәзыршәаша. Зегьы азакәан иахәаԥшуазароуп. Иахьазы ауаажәларратә еиҿкаарақәеи апартиақәеи ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵароуп азакәан иахымсырц азы", - иҳәеит Беслан Камкьиа.

Аполитолог иазиԥхьаӡоит абри аус аҿы Апарламент аҭакԥхықәра ду иаҵагылоуп ҳәа.

"Аамҭа ҳамоуп ҳҽеизаҳкырц, азакәанԥҵара ариашарақәа ишахәҭоу имҩаԥаагарц. Сақәшаҳаҭым ахада иалхразы азакәан зегьы ԥсахтәуп ҳәа ирҳәо. Иазхоит 19-тәи ахәҭаҷ аԥсахра. Азакәанԥҵаҩцәа аамҭа рымоуп. Ариашара зҭаху ишахәҭоу ариашаразы алшарақәа змоу ауаа ҳамоуп", - ҳәа иԥхьаӡоит Камкьиа.

Инеиҵыху аинформациа шәоур шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аурыс версиаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0