Аҟәа афымцалашара ырцәан авариа иахҟьаны

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭлектрики восстанавливают линию
Электрики восстанавливают линию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь агәаҿы афымцалашара ацәара ахҟьеит афымцацәаҳәа аԥхасҭа ахьаиуз, абри Sputnik иазеиҭеиҳәеит афымцаргыларақәа Аҟәатәи аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Џьынџьал.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Аҟәа ақалақь агәаҿы афымцалашара арцәара афымцацәаҳәа аԥхасҭа ахьаиуз иахҟьеит, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афымцаргыларақәа Аҟәатәи аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Џьынџьал.

"28-тәи афидер (афымцацәаҳәа - аред.) аҟны ацәаҳәа аԥхасҭа ахьаиуз иахҟьеит афымцалашара арцәара", - иҳәеит иара.

Афымцаргыларақәа Аҟәатәи аусбарҭа аусуҩцәа аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргыларатә усқәа ирҿуп ҳәа иҳәеит Џьынџьал.

Ситуация с энергоснабжением Крыма - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара ириашоу аграфик рыланаҳәеит

Ажьырныҳәа 27 инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәо иалагеит. Уи зыдҳәалоу Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу ауп.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит.

Иахьазы Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 445 метра роуп иҟоу. Аӡы аҩаӡара мышкы иалагӡаны метрак аҟынӡа илаҟәуеит. Аԥхьаӡарақәа рыла афымцалашара мышктәи ахархәара 4,5 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа еиҵатәымхар ма урыстәылантәи иаагамхар, жәабран 10-12 рзы астанциа аус амур ҟалоит, ма уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ҩба-хԥа сааҭ аус аулоит.

ЕгрыГЕС ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ақәоура маҷуп. Иахьынӡаԥхарраз афымцамч ахархәара уахыки-ҽнаки рыла 8 - 8,5 миллион киловатт-сааҭ ыҟан. Ишаахьҭахаз, уи иацлеит.

Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны Аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә зҵаарақәа рзы аусутә еилацәажәара.

Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин иԥылараан аӡынтәи аамҭазы афымцамч Урыстәылантәи Аԥсныҟа аашьҭра азҵаарагьы иалацәажәан. Ари азҵаара ацәырҵра адҳәалоуп Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит
  • Аԥсны урыстәылатәи афымцалашара ахәԥса ахшәаара иазыхиоуп

Ажәабжьқәа зегьы
0