Ҳаџьараҭ Ҭарсман иус азы ахашшааратә шшыԥхьыӡ Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ иахәаԥшуеит

CC0 / / Судебный молоток и весы правосудия
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаџьараҭ Ҭарсман ахара идҵоуп "Машәырла ауаҩы иҭахара зыхҟьаз амҩатә ныҟәара аԥҟаррақәа реилагаразы" ахәҭаҷ ала.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара ихароуп ҳәа иаанкылоу Ҳаџьараҭ Ҭарсман иус Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭуп, уаанӡа Гәдоуҭа араионтә ӡбарҭа аус Апрокуатура хадахь иахьаргьыжьыз ахашшааразы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҳаџьараҭ Ҭарсман идукат Аслан Кәыҵниа.

"Аӡбарҭа ахатәы ԥшьгарала аус апрокуратурахь иаргьыжьит, избанзар Аԥсны ашьауӷатә закәанеидкыла ахәҭаҷ 263 ахԥатәи ахәҭа "Машәырла ауаҩы иҭахара зыхҟьаз амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа реилагаразы" ала акәымкәа, аԥшьбатәи ахәҭа "Машәырла ауаҩы иҭахара зыхҟьаз арыжәтә ыжәны амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа реилагаразы" ала иахьахәаԥшуаз инамаданы", - иҳәеит адукат.

2019 шықәса ԥхынҷкәын 26 рзы Апрокуратура хада аҳәамҭа рыланарҵәеит изаамҭанытәиу аӡбаратә еилатәараан ахара зду ахаҿы анаркологиатә маҭәашьар ишьа иалоу иаламу шьақәзыргылоз аексперт иҿахәы иҿыхын, убри ашьҭахь аӡбаҩ Борис Аргәын иӡбеит аус Апрокуратура хадахь ирхынҳәырц, ацәгьоура еиҳа ирӷәӷәоу аҟазшьа аҭазарц ҳәа.

Апрокуратура хадаҿы иазгәарҭеит аексперт Ҭарсман амҩатә машәыр аан анаркотикатә маҭәашьар (амарихуана) идкыланы дыҟан ҳәа. Иара Ҭарсман иакәзар, уи мап ацәикуеит.

Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит Мысра ааигәара иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны, цәыббрамза 8, асааҭ 23:10 рзы.

Суд по делу Хаджарата Тарсман, обвиняемого в ДТП в котором погиб премьер-министр Абхазии Геннадий Гагулия - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьараҭ Ҭарсман иус Апрокуатура хадахь иргьыжьуп

Геннади Гагәылиа дызҭатәаз автомашьына Шәачатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтәи Аԥсныҟа иаауаз аиҳабыратә кортеж иахәҭакын.

Ареспубликатә трасса 47-тәи акилометр, Блабырхәа ақыҭа ааигәара Аԥсны атәылауаҩ Ҳаџьараҭ Ҭарсман зыԥсҟы икыз амашьына Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иатәу Баҭал Бгьоу зыԥсҟы икыз, аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дызҭатәаз автомашьына "Toyota Camry" иасит. Амашьынаҿ дыҟан иара убасгьы аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аусзуҩ Алхас Џьениа.

Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дызҭаз автомашьына "Toyota Camry" ажра иҭаҳаит.

Геннади Гагәылиа иоуз аахақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Иҟалаз инадҳәаланы ашьаус хацыркын. Цәыббра 11 рзы Ҭарсман ҩымз ҳәа даанкылан.

2018 шықәса абҵара 8 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахәаԥшит иаанкылоу Ҳаџьараҭ Ҭарсман иус.

Ҭарсман ирбаандаҩра аҿҳәара иацҵан аҽа мызки жәохә мши. Уи зыхҟьаз аусеилыргаҩцәа макьана аус аӡбаразы иахәҭоу амаҭәарқәа зегьы ахьеидырымкылацыз ауп. Уи аӡбаратә-медицинатә гәаҭареи автомашьына аҭагылазаашьеи ирыдҳәалан, иазыԥшын Урыстәылантәи аҭак.

Ҳаџьараҭ Ҭарсман ахара идҵоуп "Машәырла ауаҩы иҭахара зыхҟьаз амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа реилагаразы" ахәҭаҷ ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0