Аҟәа агәаны астанциа маҷқәа русура хацдыркит

CC0 / / Электрические лампочки
Электрические лампочки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
28-тәи афидер (афымцацәаҳәа - аред.) аҟны ацәаҳәа аԥхасҭа ахьаиуз иахҟьеит Аҟәа ақалақь агәы аҟны афымцалашара арцәара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Аҟәа агәаны астанциа маҷқәа реиҳарак русура хацдыркит ҳәа Sputnik Аԥсны акорреспондент изеиҭеиҳәеит афымцаргыларақәа Аҟәатәи аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Џьынџьал.

Ақалақь агәаҿы иааидкыланы 30 станциа маҷ фымцалашарада иҟан. Уажәазы урҭ рҟынтәи ҩба роуп аус зымуа. СУЕС аусуҩцәа аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргыларатә усқәа ирҿуп ҳәа иҳәеит Џьынџьал.

Ажьырныҳәа 27 инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәо иалагеит. Уи зыдҳәалоу Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу ауп.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит.

Электрики восстанавливают линию - Sputnik Аҧсны
Аҟәа афымцалашара ырцәан авариа иахҟьаны

Иахьазы Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 445 метра роуп иҟоу. Аӡы аҩаӡара мышкы иалагӡаны метрак аҟынӡа илаҟәуеит. Аԥхьаӡарақәа рыла афымцалашара мышктәи ахархәара 4,5 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа еиҵатәымхар ма урыстәылантәи иаагамхар, жәабран 10-12 рзы астанциа аус амур ҟалоит, ма уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ҩба-хԥа сааҭ аус аулоит.

ЕгрыГЕС ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ақәоура маҷуп. Иахьынӡаԥхарраз афымцамч ахархәара уахыки-ҽнаки рыла 8 - 8,5 миллион киловатт-сааҭ ыҟан. Ишаахьҭахаз, уи иацлеит.

Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны Аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә зҵаарақәа рзы аусутә еилацәажәара.

Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин иԥылараан аӡынтәи аамҭазы афымцамч Урыстәылантәи Аԥсныҟа аашьҭра азҵаарагьы иалацәажәан. Ари азҵаара ацәырҵра адҳәалоуп Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0