"Аӡыканал" Турбаза араион аҿы аӡы зыҟам атәы аҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонт водопровода по улице Дзидзария
Ремонт водопровода по улице Дзидзария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Турбаза араион аҿы ажьырныҳәа 26 раасҭа аӡы ыҟам.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Аҟәа ақалақь Турбаза араион аҿы ажьырныҳәа 26 рзы аӡы аҟамзаара ахҟьеит Кьылашәыр ахахьы авариа ахьыҟалаз иахҟьаны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб.

"Амҽыша ашьыжь аӡеизакырҭа иахьаҵанакуа адгьыл ҳәазеит, аӡымҩангагатә цәаҳәа ԥжәеит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Иахьа ихыркәшахап ҳәа сыҟоуп, аха аӡеизакырҭа аҟынтәи аӡыҭгагатә станциа аҟынӡа аӡы ҩбаҟа сааҭ амҩа иқәхоит. Аӡеизакырҭа шыҭәлак ақалақь ахь аӡы роуеит", - иҳәеит иара.

Анқәаб иажәақәа рыла афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәарагьы аӡоушьҭра иаԥырхагоуп.

"Афымцалашара аграфик иақәыршәаны аӡыҭгагатә хархәагақәа ҳарцәо ҳалагеит, мамзар урҭ ԥхасҭахар ҟалоит", - иҳәеит иара.

Ажьырныҳәа 27 инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәо иалагеит. Уи зыдҳәалоу Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу ауп.

Ситуация с энергоснабжением Крыма - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара ириашоу аграфик рыланаҳәеит

АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит.

Иахьазы Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 445 метра роуп иҟоу. Аӡы аҩаӡара мышкы иалагӡаны метрак аҟынӡа илаҟәуеит. Аԥхьаӡарақәа рыла афымцалашара мышктәи ахархәара 4,5 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа еиҵатәымхар ма урыстәылантәи иаагамхар, жәабран 10-12 рзы астанциа аус амур ҟалоит, ма уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ҩба-хԥа сааҭ аус аулоит.

ЕгрыГЕС ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ақәоура маҷуп. Иахьынӡаԥхарраз афымцамч ахархәара уахыки-ҽнаки рыла 8 - 8,5 миллион киловатт-сааҭ ыҟан. Ишаахьҭахаз, уи иацлеит.

Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны Аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә зҵаарақәа рзы аусутә еилацәажәара.

Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин иԥылараан аӡынтәи аамҭазы афымцамч Урыстәылантәи Аԥсныҟа аашьҭра азҵаарагьы иалацәажәан. Ари азҵаара ацәырҵра адҳәалоуп Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0