Аԥсны ААР аҟны еиҭарҳәеит атәылауаҩшәҟә ҿыц амамзаара иацу апроблемақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазский паспорт
Абхазский паспорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса ажьырныҳәамза анҵәамҭазы ауааԥсыра ироухьеит 141 000 тәылауаҩшәҟә ҿыц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29– Sputnik, Бадри Есиава. Атәылауаҩшәҟә ҿыц аиуразы адокументқәа реизакра иахымыццакуа ауаа проблемақәаны ирызцәырҵыр алшо атәы далацәажәеит Аԥсны ААР атәылауаҩшәҟәтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вадим Кәаӡба.

ауааԥсыра атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара ахыркәшарахь инеиуеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР: ауааԥсыра атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара ахыркәшарахь инеиуеит

"Иахьазы ажәытә бланк ауаҩы ихаҭара шьақәнаргылом. Иаҳҳәап, ауаҩы атәанчахәы аиуразы ашәҟәҭаҩра дзахысуам, еиҭамҵуа амазара ма автотранспорт изитәтәуам, изаахәом", - иҳәеит иара.

Иахьазы иааидкыланы ареспубликаҿ ирыдыркылахьеит 148 106 рзаҳал азеиԥштәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы, ирыҭоуп 141 000 тәылауаҩшәҟәы, 1927 документов документ рыҭара иазырхиоуп ҳәа азгәеиҭеит Кәаӡба.

Аиҳарак активла рхы аадырԥшуеит Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа. Аҟәа ауааԥсыра ирыԥсаххьеит 44 000 тәылауаҩшәҟәы. 24000 тәылауаҩшәҟәы роухьеит Гәдоуҭа араион аҿы, 27 000 - Гагра араион аҿы.

Кәаӡба иажәақәа рыла бжьаратәла атәылауаҩшәҟә ҿыц аиуразы 15 мшы аҭахуп.

"Аԥсуа милаҭ иатәу ауааԥсыра, арепатриантцәа рзы ари аамҭа иҵегьы еиҵахар ҟалоит. Ақырҭуа милаҭ иатәу рзы акәзар агәаҭарақәа ахьымҩаԥгатәу инамаданы аамҭа маҷк иацлоит", - иҳәеит иара.

Атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рыҭарзы аиқәыршәагақәа рышьақәыргылара иалагеит ареспубликаҟны 2015 шықәса, хәажәкырамзазы.

Иара убри аамҭазы атәылауаҩшәҟәқәа рбланкқәеи анхараз азиншәҟәы абланкқәеи рыдагьы ирхиан асервертә, акомпиутертә программақәа, иахәҭоу аиқәыршәагақәа.

"Аԥснеимадара" аимадаратә канал аԥнаҵеит. Уи еиднаҳәалеит апаспорттә столқәа зегьы.

Аҧсны аминистрцәа Реилазаареи Афедералтә Аҳәынҭқарратә Унитартә Наплакы "Гознак" ирыбжьарҵаз аилаӡара анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны Москватәи аспециалистцәа атәылауаҩшәҟәқәеи анхаразы азин аршаҳаҭгақәеи рыҭареи ҳасаб рзуреи рзы асистема ашьақәыргылара мҩаҧыргеит. Атәылауаҩшәҟәқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа иаку ацентр аус рыднауло ишьақәыргылан.

Паспорт нового образца. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыла ашықәс нҵәаанӡа ауааԥсыра зегь рзеиқәыршәом

Адокумент ахьчара ду амоуп. Уи азы ахархәара рыҭоуп ҳаамҭазтәи ахьчаратә технологиақәа, иҷыданы абри адокумент азы иаԥҵаз ахьчаратә ҟазшьақәагьы абрахь иналаҵаны.

Дарбанызаалак аҽаӡәы адәныҟатәи аҳа ихы изамырхәо, асистема адәныҟантә аҭалара залмшо ишьақәыргылан.

Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ҿыц аӡыргара мҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы 2015 шықәса, хәажәкырамзазы. Иара убри ашықәс азы ареспубликахь иааган 60 000 тәылауаҩшәҟәы. 2017 шықәса хәажәкырамзазы атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аҩбатәи аетап хацыркын.

2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр алаҳәара ҟаиҵеит арҭ атәылауаҩшәҟәқәа рыла аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра ҟалоит ҳәа 2018 шықәса инаркны.

Атәылауаҩшәҟәы кьыԥхьуп урыстәылатәи афабрика "Гознак" аҿы, ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыла ахьчара ҳаракы аманы иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0